Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны

© Foto / Марина БарцыцИюльское наступление. 03.07.1993 г. ОВНА
Июльское наступление. 03.07.1993 г. ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Анапаҵаҩра
1993 шықәсазы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аиааира агараҿы аҵак ду змаз Аԥсуа ар имҩаԥыргаз Ииультәи ажәылара сынтәа 29 шықәса ахыҵит. Уи иалахәыз аибашьра аветеран Марина Барцыцԥҳа ланҵамҭаҿы дазааҭгылоит Ииультәи ажәылара шымҩаԥысуаз, иҟаз аҭагылазаашьа атәы.

Марина Барцыцԥҳа аԥхынтәи ажәылараан аҩбатәи абригада, ланшьцәа злахәыз ахԥатәи абаталион амедиаҳәшьас дыҟан. Лара лажәақәа рыла, раԥхьаӡа иргылан хықәкыс илымаз излалылшоз ахәцәа рыцхыраара акәын. Уи инабжьаршәны, ианҭынчраз, рфотосахьақәа ҭылхуан аибашьцәагьы. Ари аматериал аҟны иааҳгоит 1993 шықәса ииульмза 2-и 10-еи рыбжьара Аҩада Ешыра - Аӡбаара, Уазабаа, Гәымсҭа аԥшаҳәа, Абыӡахә (Цугуровка) - иҭылхыз фотосахьақәак.

Аԥхынтәи, 1993 шықәсазтәи Аԥсны аҳақәиҭтәразы ҳар ажәылара излагаз, аҭоурыхҭҵааҩцәа ҳаибашьра ахԥатәи ахәҭа ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ари ажәылара иагьа аџьабаа, аԥсыҭбара ацзаргьы, ҳиааирамҩа иахыҵхырҭан.

Ииунь аиҩшамҭаз ихыркәшан зеиҿкаара иаҿыз Гәымсҭатәи афронт актәии аҩбатәии ар рыбригадақәа.

Насгьы, иазӷәаҭатәуп, абыржәраанӡа, асеиԥш џьаԥҳаныла, маҭәала, зегь рыла ар еиқәшәаны ажәылара иазыҟаҵан иҟамлацызт.

© Foto / Марина БарцыцАҩбатәи абригада ахԥатәи абаталион аибашьцәа рыхәҭак ажәылара аԥхьа. 02.07.1993 ш.
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Аҩбатәи абригада ахԥатәи абаталион аибашьцәа рыхәҭак ажәылара аԥхьа. 02.07.1993 ш.

Еиқәыршәаз аплан ала афронтқәа рыҩбагьы алахәны иахьынӡауа аӷа ирымчқәа ҭарханы ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ахы иақәиҭтәын.

Ажәылара иалагеит ииульмза 2 1993 ш. Тамшь адесант рыртәара ала. Урҭ Мрагыларатәи афронт аибашьцәеи дареи рҽеибыҭаны Кындыӷи Цагереи рыбжьара Аҟәаҟа иаауаз амҩаду ркыр акәын – аӷа ир, насгьы аџьаԥҳаны изиамго. Ус иагьыҟарҵеит, еибашьрыла ирылшеит бжьымшы амҩа аанкылара, ара Гәымсҭантәи ажәыларақәа ахьынӡацоз.

Раԥхьа Аладатәи Ешыра актәи абригада ииуль 2 уахынла ижәылар акәын. Актәи абригада ахԥатәи абаталион аԥшыхәратә рота рыцхыраарала ирылшеит Гәымсҭа ирны рхахьы аӷа ихьарԥшра. Аԥсыҭбарақәа шыҟазгьы, аӡнырцә ахырӷәӷәарҭақәа аанкылан ирыман 17 сааҭ (азеиԥш напхгара аиҭон Смыр Витали).

Ихадоу ажәылара ҳәа иԥхьаӡан Гәымсҭатәи афронт арымаратәи афланг. Аҟәа ахахьала аӷа ихырӷәӷәарҭатә цәаҳәа ԥжәатәын аҩбатәи абригада ԥшьба-хәба баталион рымчала.

© Foto / Марина БарцыцҬали Џьапуаԥҳа Гәымсҭа аӡиас ирны жәылара ицо аԥсуа еибашьцәа ҭылхуеит. 03.07.1993 ш.
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Ҭали Џьапуаԥҳа Гәымсҭа аӡиас ирны жәылара ицо аԥсуа еибашьцәа ҭылхуеит. 03.07.1993 ш.

Уазабаа иԥшыз абаталионқәа ԥшьба ииуль 3 асааҭ 3:57 рзы (Ҭали Џьапуа лыхроника ала) иззыԥшыз аракета иаҵәа анырба инаркны Гәымсҭа аӡиас ахь албаара иалагар акәын.

Шьыжьымҭан асааҭ 9 рзы абаталионқәа ааха рымамкәа аӡы ирхьан.

© Foto / Марина БарцыцАԥсуа еибашьцәа Ииультәи ажәылара ианалагоз Гәымсҭа аӡиас ианыруаз. 03.07.1993 ш.
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Аԥсуа еибашьцәа Ииультәи ажәылара ианалагоз Гәымсҭа аӡиас ианыруаз. 03.07.1993 ш.

Гәымсҭа аӡы ианыр ашьҭахь доусы ишиқәнагаз еишьҭагылан акәымкәа, еилалан Абыӡахә (Цугуровка) ашьхахь ахәнара иалагеит. 

© Foto / Марина БарцыцАԥсуа ар Гәымсҭа ирны аҽеидкылара иаҿуп Абыӡахәҟа (Цугуровка) ажәыларазы ихаларц. 03.07.1993 ш.
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Аԥсуа ар Гәымсҭа ирны аҽеидкылара иаҿуп Абыӡахәҟа (Цугуровка) ажәыларазы ихаларц. 03.07.1993 ш.

Ашьха ианхала, Абыӡахә ашьапаҟны иаартыз адәаҟны аӷа аминақәа шьҭаҵаны, ахырӷәӷәарҭақәа ҟаҵаны дыԥшын. Зҿыназхоз зегьы амина иахаԥжәо иалагеит. Зқьи бжаки рҟынӡа иҟаз ар гыларҭа ҭыԥ рымамкәа аҭшәараҿ еилахеит. Абаталионқәа доусу рыдҵақәа рзынамыгӡо, ихәыз, зшьапқәа хжәаны илыбаагатәхаз рацәахеит.

© Foto / Марина БарцицУазабаа. Абыӡахә (Цугуровка) аԥсуа еибашьцәа аӷа ихырӷәӷәарҭақәа ирықәшәеит, ирацәаҩӡаны аминақәа ирхаԥжәеит. Амшцәгьа, аӡхыҵра ирганы ихәу рҩызцәа рыԥсқәа реиқәырхараз ирылшо ҟаҵаны аӷа ицәыганы рлыбаагара иаҿуп.
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Уазабаа. Абыӡахә (Цугуровка) аԥсуа еибашьцәа аӷа ихырӷәӷәарҭақәа ирықәшәеит, ирацәаҩӡаны аминақәа ирхаԥжәеит. Амшцәгьа, аӡхыҵра ирганы ихәу рҩызцәа рыԥсқәа реиқәырхараз ирылшо ҟаҵаны аӷа ицәыганы рлыбаагара иаҿуп.

Абас ар анеилаха, аштаб хадаҟынтәи афронт аԥхьа игыларц арахь идәықәлеит аштаб хада аиҳабы Сергеи Дбари Валера Ҭарбеи. Убасгьы, ииуль мза 5 Абыӡахәи (Цугуровка) Аҳабҩықәи рыбжьара арахь даауеит ар рштаб хада аԥшыхәра знапы ианыз Едуард Ажьиба, уи асааҭ 12 рзы амина иҵаԥжәаны дҭахоит, ивагылаз 2-тәи абригада аштаб аиҳабы Аполлон Шьынқәба ахәра ӷәӷәа иоуеит.

© Foto / Марина Барциц05.03.1993 ш. Асааҭ 12 рзы амина зҵаԥжәаны иҭахаз ар рштаб хада аԥшыхәра знапы ианыз Едуард Ажьиба.
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
05.03.1993 ш. Асааҭ 12 рзы амина зҵаԥжәаны иҭахаз ар рштаб хада аԥшыхәра знапы ианыз Едуард Ажьиба.

Иазгәаҭатәуп, Сергеи Дбар ашьыжьгьы Гәымсҭа аӡиас ахь илыбаауаз ар дышрыцылбааз. Ас ианыцәгьараха, ажәытә аԥсуаа аибашьраҿы ишыҟарҵоз еиԥш, арратә штаб хадаҟнытәи ар рхы ҭыргоит ҳәа аԥызара руа ҳара иҳамбаӡацызт ашықәсан уаанӡа ҳазхысхьаз ажәыларақәа рҟны.

Убасгьы ацхыраараз арахь идәықәҵан азыҟаҵара ҷыда змаз аибашьратә гәыԥ.

© Foto / Марина БарцицРҩызцәа ирыцхрааразы идәықәҵаз азыҟаҵара ҷыда змаз агәыԥ.
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Рҩызцәа ирыцхрааразы идәықәҵаз азыҟаҵара ҷыда змаз агәыԥ.

Егьа ус иҟазаргьы, Абыӡахәынтәи илыбааз маҷымхеит. Адырҩаҽны хәылбыҽханӡа Уазабааҟа ахынҳәра иаҿын аибашьцәа.

© Foto / Марина БарцицАбыӡахәынтәи (Цугуровка) Уазабааҟа ихынҳәыз аԥсуа еибашьцәа.
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Абыӡахәынтәи (Цугуровка) Уазабааҟа ихынҳәыз аԥсуа еибашьцәа.

Иааԥсаны, икараханы иҟаз аибашьцәа Гәдоуҭаҟа ахәцәа ирыцны идәықәлазгьы ҟалеит. Уаанӡа ишҳахьлоз еиԥш, "иамуӡеит, аҩныҟа ҳцап" зҳәазгьы ҟалазар акәхап...

Абрысҟак ззыҟаҵара иаҿыз, агәыӷрақәа зцыз ажәылара хыбгалоит, ихьаҵыз ҟалеит ҳәа аниарҳәа, Владислав Арӡынба уаҩы дизнымкылакәа афронт ацәаҳәахьы ддәықәлеит.

© Foto / Марина БарцыцСаҭбеи Кәпалба, Ахра Кьахьыриԥа, Марина Барцыц, Беслан Кәыҵниа.
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Саҭбеи Кәпалба, Ахра Кьахьыриԥа, Марина Барцыц, Беслан Кәыҵниа.
Амҩан ҳара ахәцәа ныжьны адачақәа ҳәа иахьашьҭоу ҳшааиуаз, иаҳԥылеит амашьынақәа ҩба еишьҭагыланы, аԥхьатәи - иара дҭатәан. Ақырҭқәа ирдыруашәа (?), убас иақәкны ихысуан, ҳаргьы ҳацхыраара машьына лас аанкыланы ҳҭымҵыр ҟамло. Ашьҭахь иҳаҳаит убасҟан иара дахьтәаз иҭыԥ аҿы ахыԥҽыха шақәшәаз.

Убра, ихьаҵуаз дырԥыланы хаала-мчыла иааникылаз, ирԥхашьаны, ма рыгәшәы ҳәаны ирхынҳәыз аибашьцәа маҷӡамызт. Владислав напхгара зиҭоз ар реиҳабыра ажәылара хымԥада иацҵатәуп ҳәа ирыԥхьаӡеит.

Аибашьра аԥхьатәи амш аҽны инаркны аԥышәа ду змаз, иара уа Уазабаа ааигәара арезерв аҟны иҟаз, ихьаҵуаз абаталион рыхәцәа ҭызгоз Афон-Ешыратәи рбаталион аибашьцәа дырԥыланы Владислав иреиҳәеит: "Гәыӷырҭас иҟоу шәара шәоуп!.." - ҳәа. Ус иагьыҟалеит, рыбзоурала еиқәырхан аԥхынтәи ажәылара алахьынҵа. Урҭ ирылшеит афырхаҵара аарԥшны, хацәнымырха еибашьрала Каман аҭарцәра.

© Foto / Марина Барциц04.07.93 ш. Афон-Ешыратәи абаталион аибашьцәа рыхәҭак, Каман еибашьрала иҭазырцәыз, зыбзоурала аԥхынтәи ажәылара алахьынҵа ӡбахаз.
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
04.07.93 ш. Афон-Ешыратәи абаталион аибашьцәа рыхәҭак, Каман еибашьрала иҭазырцәыз, зыбзоурала аԥхынтәи ажәылара алахьынҵа ӡбахаз.

Иацҵан Аҳабҩықәи Абыӡахәи (Цугуровка) ахырхарҭахьтәи ажәыларагьы. Аҩбатәи абригада иатәыз ахԥатәи абаталион, уажәшьҭа рымацара ииуль 7-8 руха Гәымсҭа аӡы ирны ашьха ихалеит. Ажәылара иалагеит ашарԥаз асааҭ хәба рыбжаз. Ииуль 9 ашьыжь иналагаз, хәлаанӡа еибашьран, аҽнынтәарак иааҟәымҵӡакәа илеиуан ақәа, ақәаршыҩ, аҭабиақәа шьамхахьы ма маҟҿаҳәара аӡы илагылаз ҳаибашьцәа ҭыҵшьа рымамызт, убас ахы, аснариад ааиуан. Аӷа имчқәа зегьы дара рахь иандырха, ҳаибашьцәа рыцхырааразы абрахь ихәнеит Алада-Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала аибашьра иааз ргәыԥ.

Абарҭ ахырхарҭа рацәа рҟны, зхы-зыԥсы иамеигӡакәа еибашьуаз рыбзоурала ажәылара хадаҵәҟа ахьыҟаз изеилымкаауа, имчқәа еиҟәшаны, рыуа иахьажәлатәу изымдыруа дыбжьахеит аӷа.

© Foto / Марина БарцыцИуль 10 1993 ш. Ӷәӷәала ихәу абаталион акомиссар Славик Саӷариа, имчқәа шцахьоугьы, ихала аӡы дыруеит, иҩызцәа ицхрааны.
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Иуль 10 1993 ш. Ӷәӷәала ихәу абаталион акомиссар Славик Саӷариа, имчқәа шцахьоугьы, ихала аӡы дыруеит, иҩызцәа ицхрааны.
Ҳара ҳаздыз 3-тәи абаталион абри ажәылараҟны мацара иҳацәҭахеит 17-ҩык аибашьцәа: 12-ҩык аибашьра адәаҟны; 4-ҩык аӡы иаҳцәагеит ҳаныхынҳәуаз, аӡәы ихәрақәа дырхыԥсааит Москва агоспиталь аҟны; аӡы дагеит убасгьы ауаԥс ҷкәынак. Амшцәгьа ашьҭахь Гәымсҭа аӡы шьҭыҵит аршьа амамкәа. Ауха уа аӡнырцә ҳаанхеит, ҳахәцәагьы ҳзырымго (убасҟан дшьабаны дыԥсит Вадим Џьыкырба).
© Foto / Марина БарцицАлхас Жьибеи Саша Фомини ианҭаха ашьҭахь мышқәак рышьҭахь ауп рыԥсыбаҩқәа анрызлыбаага.
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Алхас Жьибеи Саша Фомини ианҭаха ашьҭахь мышқәак рышьҭахь ауп рыԥсыбаҩқәа анрызлыбаага.

Иҟалеит изгәаӷьыз ихышхыҵәаны илеиуаз арҩаш аҭалара, аха измырыз - Гәлариа Алхас, Мықәба Радик (инапы ашаха иахьадҿеиҳәалаз еиҳагьы иԥырхагахеит), Ростобаиа-Амҷба (алада ихараны данага, ақырҭқәа дыршьит), иҟан аӡы ишьҭыхны иагаз, аха зҽамызхыз Аиба Захар, Бебиа Лиониа уҳәа…).

© Foto / Марина БарцицАри ажәылараҟны аԥсуа еибашьцәа излауаз ала ирыцәҭахаз рҩызцәа зегьы рыԥсыбаҩқәа рлыбаагара рылшеит.
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Ари ажәылараҟны аԥсуа еибашьцәа излауаз ала ирыцәҭахаз рҩызцәа зегьы рыԥсыбаҩқәа рлыбаагара рылшеит.

Аҩбатәи абригада ахԥатәи абаталион аҟнытә ихәын 78-ҩык, урҭ рҟнытә 41 - ӷәӷәала. Ус ишыҟазгьы, имаҷым нас рыхәрақәа ӷьаанӡа Аҟәатәи ажәылара аӡбахә шаараҳаз, ихынҳәны зҩызцәа ирывагылаз аибашьцәа хацәа.

© Foto / Марина БарцицИааизакны Ииультәи ажәылара Мрагыларатәии Мраҭашәаратәии афронтқәа рхырхарҭақәа рҟны 400-ҩык рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит, ихәыз - ҩынтә-хынтә еиҳахон усгьы.
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Иааизакны Ииультәи ажәылара Мрагыларатәии Мраҭашәаратәии афронтқәа рхырхарҭақәа рҟны 400-ҩык рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит, ихәыз - ҩынтә-хынтә еиҳахон усгьы.

Иааизакны Ииультәи ажәылара Мрагыларатәии Мраҭашәаратәии афронтқәа рхырхарҭақәа рҟны 400-ҩык рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит, ихәыз ҩынтә-хынтә еиҳахон усгьы. Ақырҭқәа аԥсуаа ракәӡам иҳабашьуаз зҳәоз рзы ҳҭоурыхҭҵааҩцәа инаҵшьны иазгәарҭоит – иҭахаз 80% милаҭла ишаԥсыуааз.

Абри аԥхынтәи ажәылара ҳиааира амҩаду алагамҭа акәын. Хашҭра рықәымзааит зыԥсҭазаареи, згәабзиареи ақәызҵаз ҳажәлар рҵеицәа иашақәа!

© Foto / Марина БарцыцАӡбаара. Ииультәи ажәылара аламҭалаз. Аԥсуа ар аибашьцәа. 03.07.1993 ш. Ииультәи ажәылара ажәылара иагьа аџьабаа, аԥсыҭбара ацзаргьы, ҳиааирамҩа иахыҵхырҭан.
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Аӡбаара. Ииультәи ажәылара аламҭалаз. Аԥсуа ар аибашьцәа. 03.07.1993 ш. Ииультәи ажәылара ажәылара иагьа аџьабаа, аԥсыҭбара ацзаргьы, ҳиааирамҩа иахыҵхырҭан.

Рааԥсара мыӡааит!

Нагӡара рымазааит ҳиааиреи, ҳхақәиҭреи!

Ажәабжьқәа зегьы
0