Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Ҟрым аицлабраҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ргеит

© Foto / Айнар Мархолия Борцы из Абхазии
Борцы из Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2021
Анапаҵаҩра
Зых иақәиҭу аиқәԥаразы иаарту аицлабра мҩаԥысит Алушта рашәара 29-30 рзы аспорттә клуб "Барс" ахраҿа агаразы.

АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Аԥснытәи аспортсменцәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа ргеит аспорттә клуб "Барс" ахраҿа агаразы Зых иақәиҭу аиқәԥаразы Иаарту аицлабраҿы, абри атәы еиҭеиҳәеит аспортсменцәа разыҟаҵаҩ Аинар Мархолиа. 

32 кьыла зкапануа рыбжьара аиааира игеит Калдахәаратәи аспортсмен Леонард Агрба, аҩбатәи аҭыԥқәа ргеит Осман Ҳашыг, Данаҭ Партанаӡе, Алан Цыгәба. Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Алан Гьерзмаа, Саид Бениа, Осман Ҳашыг. 

Аицлабрақәа зынӡа ирылахәын 320 аспортсменцәа Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Иакутиа, Нхыҵи Аахыҵи Уаԥстәыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0