Ацәқәырԥеисра иахҟьаны Гагра аԥсшьаҩы амшын дагеит

© SputnikШторм на море
Шторм на море  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Анапаҵаҩра
Амҽыша ахәылбыҽха иқәлаз аԥшатлакәи илеиз ақәыршҩыи ирыхҟьаны аҩнқәа рхыб рықәнахит, афыцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik. Саратовнтәи Аԥсны зыԥсы зшьоз 1979 шықәса рзы ииз Павел Данков ацәқәырԥеисраан амшын дагеит ԥхынгәы 4 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

"Аԥсшьаҩы ацәқәырԥеисраан амшын дҭалеит. Ацәқәырԥақәа х-метрак инаӡон, иара аӡы дагеит аҟәараҿ иҟаз ауаа рыла ишабоз, аха ацхыраара ирҭартә изыҟамлеит", - рҳәеит аусбарҭаҟны.

Амшынцәқәырԥара аныӷәӷәоу аԥшааратә шхәақәа амшын рыхҵара залшом, ҳәа азгәарҭоит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа. Амш шааилгалак еиԥш аԥшаарақәа ирылагоит.

Амҽыша ахәылбыҽха иқәлаз аԥшатлакә Аҟәа аԥхасҭа анаҭеит: асасааирҭақәеи, аҩнқәеи рхыб рықәнахит, аҵлақәа канажьит. Аԥсыҭбара ыҟаӡам. Аԥсны ахәҭаки Аҟәеи ӡыда, фымцалашарада иаанхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0