Аԥсны иасуаз аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа: иалкаау

© Sputnik / Томас ТхайцукСильный ветер в Сухуме повалил деревья
Сильный ветер в Сухуме повалил деревья  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны амш цәгьахеит ԥхынгәы 4 рзы, ашьыжь. Аҳауагәаҭаҩцәа ирҳәеит атәылаҟны уахыки-ҽнаки ақәаршыҩи амшынцәқәырԥареи ҟалар ҟалоит ҳәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 5- Sputnik. Амҽыша ахәылбыҽха иқәлаз аԥшатлакә Аҟәа аԥхасҭа анаҭеит: асасааирҭақәеи аҩнқәеи рхыб рықәнахит, аҵлақәа канажьит. Ԥсыҭбара ыҟаӡам. Аԥсны ахәҭаки Аҟәеи ӡыда, фымцалашарада иаанхеит.

Шторм на море  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2021
Аԥсны уахыки-ҽнаки ирылагӡаны ақәаршыҩи амшынцәқәырԥара ӷәӷәеи ҟалар ҟалоит

Агидрометеорологиа аҟәша аиҳабы Диана Ҭраԥшьԥҳа илҳәахьан Аԥсны уахыки-ҽнаки ақәаршыҩи амшынцәқәырԥареи ҟалар ҟалоит ҳәа. Лара иазгәалҭеит атәылаҿы амш бзиахоит ашәахьа ахәылбыҽха, ԥхынгәы 5 рзы.

Иҟалаз ахҭысқәа

Асааҭ 18:00 рзы ареспубликатә мҩаду Афон ҿыц иахьаҵанакуа амҩа аркын, атранспорт аныҟәара аанкылан. Амҩақәа ирныжьлан икаҳаз аҵлақәа. Амҩа аҿықә икаҳауаз аҵлақәа афымцацәаҳәақәа ԥнаҵәҵәеит.

Аԥсны араионқәа зегь рҟны аԥшаӷьы аҵлақәа канажьит, афымцашьаҟақәа аԥхасҭа рнаҭеит.

Мысра ацәқәырԥеисра иахҟьаны аҟәарахьы аӷба ықәнажьит. Уи ахҭыс збаз Денис Иунцев авидео ҭихит.

"Асааҭ 16:50 рзы Мысра ҳнеиуан, аԥша ӷәӷәа ықәын, ақәаршҩы леиуан. Амшын аҟәараҿы аӷба аабеит. Ҳнеины игәаҳҭеит, апассаџьырцәа ҳәа уаҩ дыҟамызт", - иҳәеит иара.

Саратовнтәи Аԥсны зыԥсы зшьоз 1979 шықәса рзы ииз Павел Данков ацәқәырԥеисраан амшын дагеит Гагра.

Аԥшатлакәи илеиз ақәаршыҩи рыхҟьаԥҟьақәа

Аԥсны АҶ рминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы аус руеит 50-ҩык инареиҳаны аусбарҭа аусзуҩцәа.

Ԥхынгәы 4 рзы, ахәылбыҽха иасуаз аурҭ иахҟьаны Аԥсны акырџьара афымцацәаҳәақәа ԥҵәҵәеит, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч". Иазгәаҭоуп, ааха шаиуз авольтҳарак-цәаҳәа Шешелети-1 (110 киловатт). Арҽеиратә гәыԥқәа аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥқәа рҟны аус руеит.

Асааҭ 20:00 рзы еилкаахеит аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы Аҟәа ақалақь ахадараҿы ишаԥҵаз аоперативтә штаб. Уи напхгара аиҭоит аҳҭнықалақь аиҳабы Беслан Ешба.

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруаа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраҿы ицхыраауеит.

23:00 сааҭ рзы Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҟәа ахәҭак фымцалашарала еиқәыршәоуп, ашьыжь аусурақәа ирыцҵахоит ҳәа.

Аҳҭнықьалақь зегьы уаҵәы ахәылбыҽха фымцалашарала еиқәыршәахап ҳәа хгәыӷуеит, иҳәеит иара.

Посмотреть эту публикацию в Instagram

Публикация от Админстрация города Сухум (@sukhumcity)

Аҟәа иасуаз аԥшатлакә иахҟьаны 50 ҵла каҳаит, атроллеибустә цәаҳәақәеи, афымцацәаҳәақәеи ԥыҵәҵәоуп, иара убас икаҳаит афымцашьаҟақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0