Аковидҿагыларатә ԥкрақәа Аԥсны амч роуит ԥхынгәы 5 инаркны

© Sputnik / Акоп Кущян Термометр
Термометр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб иҟанаҵаз абжьгарақәа инарықәыршәаны атәылаҿы аковидҿагыларатә ԥкрақәа рырџьбараразы адҵа инапы аҵаиҩит.

АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Аковидҿагыларатә ԥкрақәа амч роуит Аԥсны ԥхынгәы 5 инаркны.

Ҿыц ирыдыркылаз аԥкрақәа инарықәыршәаны, 2021 шықәса ԥхынгәы 5 инаркны ачарақәеи, агәырӷьаратәи аныҳәатәи усмҩаԥгатәқәа, аиныхрақәеи, ауаа рацәа злахәу егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи иарку ауаажәларратә крыфара-чара ахыбрақәа рҿы рымҩаԥгара ҟалом.

Агәырӷьаратәи аныҳәатәи усмҩаԥгатәқәа, аиныхрақәа, ақьафурҭақәеи, абанкеттә залқәеи, егьырҭ ауаажәларратә крыфара-чара ахыбрақәеи рҿы ауаа рацәа злахәу аусмҩаԥгатәқәа, иара убас аусутә, аспорттә, агәмырҿыӷьратә уҳәа егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа асанитартә нормақәа ирықәныҟәаны рымҩаԥгаразы Аԥсны азин ҟарҵеит лаҵара 13 рзы.

Аха рашәарамза аҽеиҩшамҭазы акоронавирус зыхьуа ауаа рхыԥхьаӡара иацло иалагеит, ахәшәтәырҭақәа ирыдҵаало ачымазцәа ирызҳаит.

Рашәара 29 рзы Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб ахада иабжьнагеит аковидҿагыларатә ԥкрақәа ирӷәӷәарц. Рашәара 25 рзы Аԥсны Апарламент ахада иахь аҳәамҭа ҟанаҵеит ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҳасаб азуны ачарақәеи аиныхрақәеи рымҩаԥгара аанкылазарц азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0