Аҩнқәа хыбдеи лашарадеи иаанхеит: араионқәа рхадацәа аԥшатлакә ахҟьаԥҟьақәа ирзааҭгылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСильный ветер в Сухуме повалил деревья и снес крыши домов
Сильный ветер в Сухуме повалил деревья и снес крыши домов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Анапаҵаҩра
Ақәаршыҩи аԥшатлакәи ирыхҟьаны ахыбрақәа аԥхасҭа роуит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит Аԥсны амҽыша ԥхынгәы 4 рзы. 

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла араионқәа рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Уа иалацәажәеит Аԥсны ԥхынгәы 4 рзы иасыз аԥшатлакәи илеиз ақәаршыҩи иҟарҵаз аԥхасҭа аԥыхразы инагӡатәу аусурақәа рызҵаара.

Араионқәа рҟны аҭагылазаашьа

Гагра араион аҿы рхыб рыхнахит Арӡынба имҩаҿи Аурыс хатәгәаԥхаҩцәа рымҩаҿи игылоу аҩнқәа ҩба. Урҭ 800 000 мааҭ рықәхарџьтәуп ҳәа ирыԥхьаӡеит араион ахадараҿы. Аха "Аԥсныргылара" аиҳабы Руслан Тәанба излеиҳәаз ала, аматериали аусурақәеи рыхә акыр еиҵахоит. Ахада араион ахадара адҵа риҭеит ахарџьынҵа еиҭахәаԥшырц.

Иара убас Гагра араион аҿы иблит атрансформатортә станциа маҷқәа хԥа. Арахь алашара нарышьҭхьеит, "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа аусура иаҿуп.

Ликвидация последствий шторма в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
"Амшынеиқәафымцамч": араионқәа зегь рҿы аусурақәа ԥхынгәы 6 рзгьы ирыцҵахоит

Амҩаду хада ианыҳалеит аҵла дуқәа фба, руак амашьына иақәҳаит. Аҩнеихагылақәа аԥхасҭа рмоуит, аха аҩар рыҵалеит, уи азы афымцалашара аҿырхыр акәхеит, машәырк ҟамларц азы. Акоммуналтә маҵзурақәа аӡы аҭыгара иаҿуп. 

Уи адагьы, Гагра аихамҩаҿы аныҟәара аанкылоуп, апоезд Санкт-Петербург - Аҟәа, аԥсшьаҩцәа автобусқәа ирықәыртәаны Аҟәаҟа иаагоуп. Кристина Озган излалҳәаз ала, Гәдоуҭа иахьаҵанакуа аихамҩаҿы ашьаҟақәа ԥшьба ԥхасҭахеит, аҵлақәа ҩба анаҳалеит, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит.

Гәдоуҭа араион ахада Беслан Боџьгәуа еиҭеиҳәеит 46 нхара аахақәа шроуз, аҩнеихагылақәа хԥа, ахатәы ҩнқәа. Еиҳарак аԥхасҭа роуит Лыхны, Аҷандара ақыҭақәа, уа фба-быжьба ҩны ааха роуит.

"Ақалақь аҿы џьара-џьара афымцалашара нашьҭуп, ақыҭақәа рҿгьы убас. Афымцамч аусзуҩцәеи акоммуналтә маҵзуреи аусура иаҿуп", - иҳәеит Боџьгәуа.

Аҟәа ахада Беслана Ешба ишиҳәаз ала, 47 ҩны ааха роуит, урҭ рахьтә ԥшьба рхыбқәа зынӡаск ирыхнахит. Аӡы рыҵалар ҟалоит 22 ҩны, урҭ рахьтә хәба рҟны аусурақәа мҩаԥысуеит.

Аҟәатәи ашколқәа 15 рахьтә жәаба аԥхасҭа роуит, ахәыҷбаҳчақәа 13 рахьтә - быжьба. 

Ешба иазгәеиҭеит, атроллеибустә цәаҳәақәагьы аԥхасҭа ду роуит, иԥҵәоуп 28 цәаҳәа, урҭ реиҭашьақәыргылара иаҿуп. Уи адагьы, Ажәытә ҳаблеи Иналиԥа инаркны Ацҳа ҟаԥшь аҟынӡа хәылбыҽханӡа алашара рырҭар ауп иҳәеит иара.

Ликвидация последствий шторма в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Аԥшатлакәи ақәаршыҩи ахысит: Аҟәа иҟоу аҭагылазаашьа

"Амедицинатә усбарҭақәа рҟыны алашара ыҟоуп, Ақалақьтә хәышәтәырҭа хадахь макьана алашара рзынамышьҭӡацт, аха уа агенератор аус ауеит", - иҳәеит ақалақь ахада.

Фымцалашарада иҟоуп Аҟәа араион Ӡыгәҭа, Аҩада Ешыра, Гәымсҭа ақыҭақәа. Егьырҭ ақыҭақәа рҿы џьара-џьара алашара нарышьҭхьеит. Ешыра ақыҭаҿы 19 ҩни хә-еихагылак змоу ахыбреи аԥхасҭа роуит. Ԥшь-хатәыҩнык рхыбқәа зынӡа ирықәнахит.

Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа иажәақәа рыла, араион аҿы амҩаду хада ианыҳалеит 70 ҵла, аха асааҭ 12 рзеиԥш урҭ зегьы ықәган АҶА ацхыраарала. Анхамҩақәа 13 аԥхасҭа роуит, руак ахыб зынӡа иахнахит, аԥхасҭа роуит арепатриантцәа рзы аҩнқәа ҩба.

Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа иажәақәа рыла, Аҭара, Ӷәада, Отаԥ, Кәтол, Џьгьарда, Очамчыра иахьрыҵаркуа 12 ҩны аԥхасҭа роуит, 12 қыҭа џьара-џьара лашарада иҟоуп.

Афон ахада Ҭемыр Оҭырба иажәақәа пыла, 50 ҵла раҟара каҳаит, х-ҩнык, ԥсшьарҭа ҩнык, хәаахәҭырҭак рхыбқәа рыхнахит, ҩ-ԥсшьарҭа ҩныки ҩ-крыфарҭаки аӡы рыҵалеит.  

Пицунда икаҳаит 15 ҵла, уи азы ақалақь ахь амҩа аркхеит, аха сааҭ иалагӡаны зегь рыцқьан. Аргыларақәа акгьы рмыхьит, аха аҵлақәа аԥсшьаҩцәа рмашьынқәа ҩба ирықәҳаит. Ақалақь анапхгарахь гәынамӡара ҳәа акгьы рымам.

Еиҳа имаҷны аԥхасҭа аиуит Тҟәарчал араион ҳәа азгәеиҭеит уи ахада Исидор Дочиа. Амҩаду хада ианыҳалеит ԥшь-ҵлак, аха амҩақәа ирласны ирыцқьан, алашара рымаӡам ақыҭақәа Оқәыми Бедиа дуи, уа ашьаҟақәа рыԥсахра иаҿуп. 

Лери Шония - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Арадио
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шьониа Гал амшцәгьа иахҟьаны араса иаҭоу аԥхасҭа иазкны

Гал араион Аберқыҭ, Шьашьикәара, Батигәара рҿы ҵлақәак каҳаит, Хьацҳа ажәытә зеиԥшынхарҭа аҵла ақәҳаит, аӡәгьы ааха имоуӡеит. Афымцацәаҳәақәа аус шыруц ируеит иҳәеит араион ахада Константин Ԥлиа.

Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа ишиҳәаз ала, аҩнқәа рыдагьы, ақыҭанхамҩагьы аԥхасҭа аиоуит. Хыԥсҭа, Кындыӷ, Ачадара арԥхарҭақәа ԥшьбеи Аӡҩыбжьатәи аҵыҵындрааӡарҭеи ԥхасҭахеит. 

Аԥхасҭақәа рыхә

"Аԥсныргылара" аиҳабы Руслан Тәанба иазгәеиҭеит ҩнеихагылак ахыб 1000-2000 метр ԥшьыркца шартәо. 

"Зегь реиҳа уадаҩрас иҟоу - амҿоуп. Аԥсны иҟоу ашьҭаҵарҭақәа рҿы 1000 метр ԥшьыркца раҟара еизар еизеит, Шәачантәи иаҳзаазгало ҳидҵаалароуп, иара ҩынтә-хынтәы ахә еиҵаны иаҳзиҭиуеит", - иҳәеит иара. 

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит аҭыԥқәа рҿы аусура аиҿкаара рылшазаргьы, финансла ишырзышьҭымхуа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа. 

Аԥсабара ангәрымуа: амшцәгьа Аԥсны аахас ианаҭаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
"Аԥсабара ангәрымуа": амшцәгьа Аԥсны аахас ианаҭаз

Иара иажәақәа рыла, иааизакны атәылаҿы аԥхасҭа роуит 95 хатәы нхамҩеи 57 ҩнеихагылеи.

"Знык ала араионқәа зегьы рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥызгаша амчқәа ҳамӡам", - иҳәеит Анқәаб.

Аԥсны ахада Аслана Бжьаниа ишазгәеиҭаз ала, макьаназы иаагоу ацифрақәа урыхәаԥшуазар, аҳәынҭқарра жәабала миллион мааҭ ахарџь шаиуа.

"Ари ԥара маҷым. Убри азы азинхьчаратә усбарҭақәа аусурақәа шцо иахылаԥшлароуп. Арҭ ахарџьқәа абиуџьет ӷәӷәала ианыуеит азы урҭ хаҳарала иныхтәуп", - иҳәеит иара. 

Аԥсны ахада иара убас иазгәеиҭеит атәылауаа иаларҵо арзаҳалқәа зегьы ишрыхәаԥшуа, урҭ рзы аԥара ахада ифонд аҟынтәи роужьрагьы шалыршахо.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0