Кәыдрытәи аиҩхааҟны еибырҭо-еимырхуа ацҳа аархәоит уаанӡа иҭабгаз ахаҭыԥан

© Sputnik / Томас ТхайцукПейзажи кодорского ущелья
Пейзажи кодорского ущелья - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2021
Анапаҵаҩра
Кәыдры ихыз уаанӡатәи ацҳа ҭабгеит ахәаша ԥхынгәы 2 рзы Кәыдрытәи аиҩхаа Гьанҵәыш ақыҭа иахьаҵанакуа. Аамҭалатәи аныҟәаразы асхема еиҿкаауп.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гьанҵәыш ақыҭан еилаҳаз ацҳа ахҵаразы иаахәатәуп иҷыдоу еибырҭо-еимырхуа автомҩатә цҳа, уи 9 200 000 мааҭ иаԥсоуп, абри атәы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб атәыла ахада Аслан Бжьаниа изеиҭеиҳәеит ԥхынгәы 5 рзы имҩаԥысыз реилацәажәараан.

Обрушившийся мост через реку Кодор - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2021
Кәыдрытәи аиҩхааҿы ацҳа ҭабгеит

Иара иажәақәа рыла, уаанӡа Кәыдры ихыз ацҳа аиҭашьақәыргылара алшаӡом, избанзар уи азы аихеихаԥсатә техника ду аҭахуп, аха уи уахь изнеиӡом. Убри азы иаахәатәуп абжьаратә шәагаа змоу еибырҭо-еимырхуа автомҩатә цҳа. Ари аҩыза ацҳа еиҳарак ишьақәдыргылоит арратә ҵакы змоу автомобилтә мҩақәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны реиҭашьақәыргыларазы, уи аура 32 метра иҟоуп.

Абри аҩыза ацҳа 9 200 000 мааҭ иаԥсоуп. Аҭыԥ аҟынӡа анагара 300 000 мааҭ иаԥсахоит. Иааухәар ҟалоит Таганрог иҳәеит Анқәаб.

"Ари зегь иреиӷьу авариант ауп. Уа иарбанзаалак атехника ықәсыр алшоит. Уи аахәаразы абиуџьет аҟны аԥара ыҟаӡам, аха даҽа мҩак ала иҳаԥшаароуп. Абри аҩыза ацҳа акыр шықәса игылазаауеит, алшарақәа дууп", - иҳәеит иара. 

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ари апроблема ирласны ишыӡбатәу, ажәалагалагьы ҟаиҵеит Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә маҵзурахьы ма Урыстәыла Атәылахьчара аминистррахь иадҵааларц, рышьҭаҵарҭақәа рҟны абри аҩыза ацҳа ыҟоу иҟаму еилыркаарц. 

Гьанҵәыш ақыҭан Кәыдры ихыз ацҳа ҭабгеит ахәаша ԥхынгәы 2 рзы.

Аҟазауаа ражәақәа рыла, аӡхыҵраан адгьыл ҿнаӡәӡәааит. Уи иахҟьеит ацҳа аҭабгарагьы. Уи инамаданы аамҭак азы қыҭақәаки Кәыдрытәи аҩхааҿы иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа архәҭақәа ҩбеи рымҩа аркхеит.

Аамҭала ажәытә цҳала аиҭанеиааира азыӡбоуп. Ацҳа ашьаҟақәа шәарҭам, ақә ҟаҵатәны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0