Гагра зыԥсы зшьоз аԥҳәыс хҩык лхәыҷқәеи лареи амшын иаанахәеит

© Sputnik Шторм на море
Шторм на море  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА атәыла асасцәеи ауааԥсреи рахь аҳәара ҟарҵоит ацәгәырԥа бааԥс аныҟоу аҟәара иқәымларц, аҽыкәабаразы амшын иҭамларц.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik. Урыстәылатәи аԥсшьаҩы лхәыҷқәа хҩыки лареи амшын иаанахәеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА. Арыцҳара шыҟалаз азын, аиқәырхаҩцәа адырра роуит 10:55 ԥхынгәы 6 рзы. 

© Foto / МЧС РАГагра зыԥсы зшьоз аԥҳәыс хҩык лхәыҷқәеи лареи амшын иаанахәеит
Гагра зыԥсы зшьоз аԥҳәыс хҩык лхәыҷқәеи лареи амшын иаанахәеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2021
Гагра зыԥсы зшьоз аԥҳәыс хҩык лхәыҷқәеи лареи амшын иаанахәеит

Иазгәаҭоуп, аӡы иагоз Санкт-Петербургантәи аԥсшьаҩы 1985 шықәсазы ииз Ҭамара Молчанова, лхәыҷқәа 2013, 2016, 2018 шықәсқәа рзын ииз шракәу.

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра адыррақәа рыла, аԥсшьаҩ ԥҳәыс лхәыҷқәеи лареи рыԥсы ршьон Гагра араион иахьаҵанакуа аԥсшьарҭа ҩнқәа руак аҟны. Аԥсшьарҭа ҩны аусзуҩцәа аԥсшьаҩы амшын ацәгәырԥақәа ҩметрак ианышьҭыҵуа аамҭазы аҽыкәабара зынӡа иҟалом ҳәа анларҳәа, лхәыҷқәа лыманы Бзыԥ аӡиас ашҟа лхы лырхеит. Аӡиас аӷьӷьара иахҟьаны аԥсшьаҩы лхәыҷқәеи лареи амшынахь ишагоз збаз Аԥсны АҶА ашҟа адырра ҟарҵеит. Аҭыԥахь иаразнак аиқәырхаҩцәеи аӡхәыҵалаҩцәеи неит. Аиқәырхаҩцәа неиаанӡа иақәшәази аҭыԥантәи ауааԥсыреи ирылшеит аӡы иагоз ахәыҷқәа аӡәы иалгара. Иаанхаз ҩыџьа ахәыҷқәа аиқәырхаҩцәа амшын иамырхит. Аха руаӡәк 2018 шықәсазы ииз ахәшәҭәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит. Молчанова лыԥшаара иаҿуп.

Пиатигорск инхоз 2000 шықәса рзы ииз Ростислав Петров Гагра амшынеисра бааԥс иахҟьаны аӡы дагеит ԥхынгәы 5 рзы. Уи аԥхьа аиқәырхаҩцәа иаарыцҳаит аӡиас Кьалашәыр амшын иахьалало аҭыԥ аҟны зхаҭара шьақәыргылам ахаҵа аӡы дагеит ҳәа.

Амшынеисра бааԥс иахҟьаны ԥхынгәы 4 рзы иара убас ауаа рыла ишабоз дӡааҟәрылеит 1979 шықәса рзы ииз Саратовынтәи ԥсшьара иааз Павел Даньков. Аӡәгьы ицхраара рылымшеит ацәқәырԥақәа ахьдууз иахҟьаны. Иара иԥсыбаҩ макьана ирзымԥшааӡацт.

Ԥхынгәы 5, ашьыжь Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭаҿы Аԥсны атәылауаҩ Баҭал Оҭырба ацҳаҟынтәи аӡиас далаҳан, аӡы дагеит, уи иеиқәырхара рылымшеит.

АҶА аусзуҩцәа Гагра деиқәдырхеит Урыстәылантәи иааз даҽа ԥсшьаҩык - Марина Кочеткова. Ашьыжь ԥхынгәы 5 рзы лара амшын дахьҭалаз, лхала аҭыҵра лылымшеит. Ацәқәырԥа дышьҭыхны аҟәарахьы дахьаанагаз насыԥс илыман. Убасҟан ауп лалгара анрылша.

Ажәабжьқәа зегьы
0