Аҟәа ақалақь ахадараҿы иалацәажәеит амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание администрации г. Сухум.
Здание администрации г. Сухум. - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2021
Анапаҵаҩра
Амҽыша ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны иасыз аԥшатлакәи илеиз ақәаршыҩи ирхҟьаны Аҟәа ақалакь аԥхасҭа аиуит, аҩнқәа рхыбқәа рыхнахит, аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы иаԥҵоу аоперативтә штаб реилатәара мҩаԥигеит, абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

Сильный ветер в Сухуме повалил деревья и снес крыши домов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Аҩнқәа хыбдеи лашарадеи иаанхеит: араионқәа рхадацәа аԥшатлакә ахҟьаԥҟьақәа ирзааҭгылеит
Беслан Ешба иазгәеиҭеит, ақалақь аусбарҭақәа икаҳаз аҵлақәа зегьы амҩақәа ишырныргаз, ақалақь аҩныҵаҟа шыдрыцқьаз. Инаҵшьны иазгәеиҭеит аамҭа кьаҿк ала, ишхыбтәу аԥша зхыбқәа рықәнахыз аҩнеихагылақәа.

"Иҟоу аԥхасҭа макьана ахәшьара ҳзаҭаӡом, уи хазтәи усуроуп, уажә имҩаԥааго арыцқьаратә усурақәа инарываргыланы", - азгәеиҭеит Ешба.

Аҟәа аҩнусбарҭақәа рхадацәа еиҭарҳәеит амшцәгьа ирынаҭаз аахақәа ртәы. Ирҳәеит 45 ҩнеихагыла, хәҭа-ҳәҭалеи инеизакныи рхыбқәа рыхнахит. Ақалақь ахадара иатәу ԥшь-гәыԥк аҩнқәа рхыбра иаҿуп. Ҩнқәак рыҟны аусурақәа хыркәшахоит ԥхынгәы 6 рзы. 

Аҩнусбарҭақәа рхадацәеи анхарҭа акоммуналтә усбарҭа анџьнырцәеи, ааха зауз аҩнқәа зегьы иаарласны иҟоу аԥхасҭазы ашәҟәынҵа аздырхиарц рыдиҵеит Беслан Ешба.

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба дазааҭгылеит, амедицинатә усбарҭақәа рҭагылазаашьа. Иҳәеит ахәшәтәырҭақәа зегьы абжьааԥаны еиԥш аус шыруа.

Ақалақь ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ракәзар, ааха роуит жәа-школки ахәыҷбаҳчақәа жәбеи.

"Ахәыҷбаҳча "Алашара" ахыб абжак ахнашәеит, ашҭа иҭагылаз аҵлақәа жәаба рҟынӡа хжәеит. Ахыбраз аусурақәа цоит, икаҳаз аҵлақәа рықәгаразы ҳацхыраара иазыԥшуп. Иара убас, аҳабла ажәытәаҿ иҟоу ахәыҷбаҳчагь аус ауӡом ахыб ахьахнахыз иахҟьаны", - азгәеиҭеит Ашәба.

Ақалақь афымцалашара аҭагылазаашьа атәы дазааҭгылеит Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аиҳабы. Уи иажәақәа рыла ақалақь ауааԥсыра 90% лашарала еиқәыршәахоит амш анҵәамҭазы. Афымцалашара ааха ӷәӷәа зегь раасҭа иахьаиуз Алашарбага аҳаблан ауп. 

"Алашара иахьа зегьы ироуеит ҳәа сызҳәом, избанзар ирацәоуп ацәаҳәақәа ахьыԥцәоу, урҭ реиҭашьақәыргылараз иаҭахуп аамҭеи амчи", - азгәеиҭеит Џьынџьал.

Общественный транспорт  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2021
Аҟәа атроллеибусқәа аныҟәара ианалаго арыцхә еилкаахеит

Аҳҭнықалақь ахадара амҩатә ныҟәара ашәарҭадареи атранспорт аҟәшеи реиҳабы Ҭемыр Абӷаџь иажәақәа рыла, Алашарбагеи Кәыдрытәи амҩеи рҟны ауп атроллеибустә цәаҳәақәа еиҳарак ааха ахьроуз. Кәыдрытәи амҩа аҟны игылоу 28 фымцашьаҟа ааха роуит, ацәаҳәақәа ԥыҵәҵәоуп.

"Аусурақәа шцац ицоит. Икаҳаз ашьаҟақәа рышьҭыхразы иҷыдоу атехника аҭахуп", - иҳәеит Абӷаџь.

Аштаб аусура иалахәыз Аԥсны аекологиазы аҳәынҭқаратә еилакы аханатәаҩы Савели Ҷыҭанаа иҳәеит, аилак аусзуҩцәа аҭагылазаашьа ҭҵааны иалыркаауеит зеиқәырхара зылшо аҵлақәа.

Ҷыҭанаа иара убасгьы иҳәеит, ақалақь аҩныҵаҟа аҵлақәа машәыр ҟарымҵарц азын ианаамҭоу икарҿҿалатәуп ҳәа.

Беслан Ешба иазгәеиҭеит, аекологцәа рылкаа ҟамҵакәан ихынааз аҵлақәа ишрыламкьысуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0