Ҭырқәтәылаҟа амҩа шаадыртызгьы, аурысцәа Аԥсны акурортқәа ирызҿлымҳауп

© Sputnik / Томас ТхайцукКурортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2021
Анапаҵаҩра
Атуристтә маҵзура TVIL.RU иеилнакааит ҭырқәтәылатәи аԥсшьарҭақәа анаадырт ашьҭахь урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа рыԥсы ршьар еиҳарак иахьырҭаху аҭыԥқәа, 2021 шықәса рашәара 22 инаркны нанҳәа 31 рҟынӡа иҿарҵахьоу анхарҭақәа рзы адыррақәа шьаҭас иааганы.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Ҭырқәтәылаҟа амҩа шаадыртызгьы, Аԥсны аԥсшьарҭақәа аурысцәа ишрызҿлымҳац ирызҿлымҳауп ҳәа аанацҳауеит аԥсшьаразы анхарҭақәа рҿаҵаразы амаҵзура TVIL.RU.

Вид на Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2021
Аԥхынтәи аԥсшьаразы иреиӷьу аҭыԥқәа Аԥсны рыҵанакит

Урыстәыла рашәара 22 рзы Ҭырқәтәылеи иареи рҳаиртә еимадара аанартит, уа иҟаз аепидҭагылазаашьа иахҟьаны хымз амҩақәа аркны ианыҟаз ашьҭахь.

Амаҵзура адыррақәа рыла, ҭырқәтәылатәи ахырхарҭақәа анаадырт ашьҭахьгьы, Гагра, Пицунда, Алаҳаӡы аԥсшьара аӡәырҩы иалырхуеит. Убри аан иазгәаҭоуп Аԥсны алада Урыстәыла акурортқәа ирҿырԥшны, ахәқәа зегь реиҳа имариоуп ҳәа. Ара бжьаратәла аԥхынтәи аԥсшьаразы анхарҭа ҿарҵоит 2,1 нызқь мааҭ уахыки-ҽнаки рыла, еиҳа иааныркыло ауаҭахқәа роуп (17%).

Аҩбатәи аҭыԥ аҟны игылоуп Краснодартәи атәылаҿацә: уахыки-ҽнаки аԥсшьара ара 2,6 нызқь мааҭ иаԥсоуп. Зегь реиҳа ахә цәгьаны рашәара 22 рышьҭахь уԥсы ушьар ҟалоит Ҟрым - уахыки-ҽнаки 3,4 нызқь мааҭ ҳәа.

Алада Урыстәыла иахьаҵанакуа аԥсшьаразы реиҳа иалырхуа ахырхарҭақәа жәаба абас иҟоуп:

  • Феодосиа – 2871 ₽ / фаха-фымш *
  • Евпаториа – 3128 ₽ / фаха-фымш
  • Алушта – 3225 ₽ / бжьаха-бжьымш
  • Севастополь – 3148 ₽ / ԥшьаха-ԥшьымш
  • Шәача – 2532 ₽ / ааха-аамш
  • Анапа - 2312 ₽ / бжьаха-бжьымш
  • Геленџьик – 2731 ₽ / бжьаха-бжьымш
  • Гагра – 2644 ₽ / ааха-аамш
  • Пицунда – 3133 ₽ / фаха-фымш
  • Алаҳаӡы – 2524 ₽ / бжьаха-бжьымш

*Уахык ахәԥса асасааирҭақәа рҿы / бжьаратәла шаҟа мшы ԥсшьара иаангыло

Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа рхәыҷқәа рыманы еиҳарак изҭаауа хырхарҭақәоуп: Ҟрым – 35%, Краснодартәи атәылаҿацә – 39%. Аԥсны аԥхынтәи аԥсшьара зхәыҷқәа рыда иалызхуа роуп еиҳарак иҟоу – 33% (31% аҭаацәақәа).

Ажәабжьқәа зегьы
0