Ԥхынгәымзазы ҭаацәала аԥсшьара ахьеиӷьаршьо акурортқәа Гагра рылашәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГород курорт Гагра
Город курорт Гагра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2021
Анапаҵаҩра
Аҭаацәа, анасыԥ, агәреибагара рымш азы заатәи анхарҭақәа рҿаҵаразы амаҵзура иалнакааит ԥхынгәымзазы ҭаацәала рыԥсшьаразы реиҳа иманшәалоу ақалақьқәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Ԥхынгәымзазы ҭаацәала аԥсшьара ахьеиӷьаршьо акурортқәа Гагра рылашәеит, абри атәы аанацҳауеит аԥсшьаразы анхарҭақәа рҿаҵаразы амаҵзура TVIL.RU.

Ԥхынгәымзазы аԥсшьаразы реиҳа иалырхуа ахырхарҭақәа иреиуоуп - Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Аԥсны.

Убри аан амшын аҿықә ахь рымҩа иацҵо аԥсшьаҩцәа уахыки-ҽнаки иаангылоит Ростов-на-Дону, Воронеж, Волгоград.

TVIL.RU адыррақәа рыла, ԥхынгәымзазы аԥсшьаразы бжьаратәла анхарҭа ҿарҵоит 11 у/ҽ, убри аан инырхуеит 2,3-3,6 нызқь мааҭ.

Иазгәаҭоуп, аԥсшьара ахә мариоуп Воронеж, зегь реиҳа ахә цәгьоуп Санкт-Петербург.

Ԥхынгәымзазы аԥсшьаразы реиҳа иалырхуа ахырхарҭақәа жәаба абас иҟоуп:

Евпаториа 3347 мааҭ жәаха-жәамш
Шәача 3048 мааҭ жәаха-жәымш
Ростов-на-Дону 2556 мааҭ уахыки-ҽнаки
Гагра 2692 мааҭ 11 у/ҽ
Санкт-Петербург 3567 мааҭ хәаха-хәымш
Москва 2885 мааҭ

фаха-фымш

Воронеж 2292 мааҭ уахык
Казань 2835 мааҭ ԥшьаха-ԥшьымш
Банное 3261 мааҭ хәаха-хәымш
Волгоград 3220 мааҭ ҩаха-ҩымш

*Уахык ахәԥса асасааирҭақәа рҿы / бжьаратәла шаҟа мшы ԥсшьара иаангыло

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0