Рашәарамзазтәи аԥсуа тәанчахәқәеи ацхыраагӡақәеи рыҭара иалагеит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыплата пенсии в одном из отделений "Почты России"
Выплата пенсии в одном из отделений Почты России - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа тәанчахәқәеи, аԥаратә цхыраагӡақәеи, ашәарацҵақәеи рашәарамзазы ирзоушьҭхоит 95,606 миллион мааҭ рҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Аԥсны Атәанчахәытә фонд рашәарамзазтәи аԥсуа тәанчахәқәеи ацхыраагӡақәеи рыҭара иалагеит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".

Ашәарақәа раԥхьа ирыҭахоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа. Аԥсны Атәанчахәытә фонд адыррақәа рыла, аԥсуа тәанчахәқәеи ашәарақәеи рымҩаԥгара иалагоит Аҟәеи, Аҟәа араиони, Тҟәарчали, Очамчыреи рраионқәа рҿы.

Зынӡа ирзоушьҭхоит 95,606 миллион мааҭ рҟынӡа, уажәазы иршәахьеит 28,974 миллион мааҭ.

"Аҟәа иахыԥхьаӡалоуп 28,511 миллион мааҭ, ирыҭоуп 16,993 миллион мааҭ; Аҟәа араион иахыԥхьаӡалоуп 4,507 миллион мааҭ, ирыҭоуп 2,189 миллион мааҭ; Тҟәарчал араион иахыԥхьаӡалоуп 7 миллион мааҭ, ирыҭоуп 1,858 миллион мааҭ; Очамчыра араион иахыԥхьаӡалоуп 13,682 миллион мааҭ, ирыҭоуп 7,183 миллион мааҭ", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Зынӡа 2021 шықәса мшаԥымзазы ашәҟәы иҭагалоуп аԥсуа тәанчахәқәеи ашәарацҵақәеи зауа 47 300-ҩык. Арҭ рҟынтәи жә-нызқьҩык рҟынӡа урыстәылатәи атәанчахәы роуам. Аԥсны иашәо 2500 мааҭ роуп. 2021 шықәса жьҭаарамза инаркны уи 3000 мааҭ рҟынӡа ихаргалараны иҟоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0