РУСДРАМ аиҳабы Аԥсны атеатрқәа раркразы иалагалоу аԥкрақәа ахҳәаа риҭеит

© Sputnik Русдрам
Русдрам  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны акультура аминистр иусԥҟала ҳтәылаҿы аминистрра иаҵанакуа акультуратә усбарҭақәа русура аанкылахоит ԥхынгәы 12 инаркны, акоронавирус аламырҵәаразы.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аиҳабы Иракли Хынҭәба атеатрқәа раркразы иалагалоу аковидҿагыларатә ԥкрақәа ахҳәаа риҭеит.

Иара иазгәеиҭеит, акультуратә усҳәарҭақәа рҟны шакәу "асанитартә ԥҟарақәа зегьы иахьрықәныҟәо".

"Иадыркуазар, иадыркуа акультуратә хәышҭаарақәа роуп. Ақьафурҭақәа раркра рымч азхом. Иҭабуп, еиҳарак ас еиԥш иҟоу аӡбамҭақәа рылацәажәара ҳахьалахәым. Ҳтеатр аҟны есымша ҳрықәнаҟәоит асанитартә ԥҟарақәа", - иҩит Хынҭәба Facebook-тәи идаҟьаҿы.

Атеатр аиҳабы иҳәеит, аԥкрақәа ԥхынгәы 12 рзы иахьалагалахо азы, уаанӡа агәаҳәара змоу зегьы заа хә-спектакльк ахәаԥшразы алшара шрымоу.

  • Ԥхынгәы 8 рзы - "Кьоџьаа рҭыӡшәа"
  • Ԥхынгәы 8 рзы - "Ацынҵәарах"
  • Ԥхынгәы 10 рзы - "Абга шыԥсыӡкыҩхаз азы алакә"
  • Ԥхынгәы 10 рзы - амоноспектакль "Бродски"
  • Ԥхынгәы 10 рзы - "Примадонны".

Иара убас, еилкаахеит Шәача иддырбараны иҟаз "Кьоџьаа рҭыӡшәа" арыцхә шахыгоу акурорттә қалақь аҟны иҟалаз аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны.

Термометр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Аковидҿагыларатә ԥкрақәа Аԥсны амч роуит ԥхынгәы 5 инаркны

Аԥсны акультура аминистрра иаҵанакуа акультуратә усбарҭақәа русура аанкылахоит ԥхынгәы 12 инаркны. 

Аԥкрақәа алагалоуп Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз иахҟьаны.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иалеигалаз аԥкрақәа инарықәыршәаны, 2021 шықәса ԥхынгәы 5 инаркны ачарақәеи, агәырӷьаратәи аныҳәатәи усмҩаԥгатәқәа, аиныхрақәеи, ауаа рацәа злахәу егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи иарку ауаажәларратә крыфара-чара ахыбрақәа рҿы рымҩаԥгара ҟалом.

Ажәабжьқәа зегьы
0