Игор Адлеиба атитул азы иеиқәԥара ахыгоуп иоуз ааха иахҟьаны

CC0 / / Бокс
Бокс - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2021
Анапаҵаҩра
Атитул "WBO Oriental" (Азиа ачемпион) азы Игор Адлеибеи 28 шықәса зхыҵуа Даӷьсҭантәи абоксиор Георги Челохсаеви реиқәԥара мҩаԥысыр акәын нанҳәа 7 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 9 – Sputnik. Аԥсуа спортсмен Игор Адлеиба атитул азы иеиқәԥара ахыгоуп аҽазыҟаҵарақәа раан иоуз ааха иахҟьаны ҳәа аанацҳауеит Аҿари аспорти рзы Аԥсны аҳәынҭеилакы.

Игорь Адлейба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2021
Арадио
Адлеиба аспорт аҟны дызхысыз азы: иахьа сызлаҟоу ала сҟанаҵеит

Аспортсмен именеџьер Артур Адлеиба иажәақәа рыла, зегь маншәаланы ишааиуаз, амашәыр ҟалеит.

"Ԥхынгәы 8 рзы Игор аимадаратә еилахәыра "Аҟәафон" ацхыраарала ҩымчыбжьа аҽазыҟаҵарақәа дахьырҿыз Екатеринбург ақалақь аҟынтәи апромоутертә еилахәыра "Titov Boxing Promotions" аҟынтәи ашәҟәы ааит иаԥхьа ишьҭоу аиқәԥара иҽшизаламырхәуа азы", - иҳәеит иара.

Иззыԥшыз аиқәԥара зышьақәгылом ҳәа рҳәеит аҳақьымцәа, убри азы иара жьҭаарамзахь ииагоуп аҽазыҟаҵарақәа раан машәырла ааха ахьиоуз азы. 

"Агантельқәа анышьҭихуаз, импыҵҟьан, ихы иақәҳан, ааха ирҭеит. Игор Аԥсныҟа хымчыбжьа ҳәа даауеит игәабзиара еиҭашьақәиргыларц азы", - иҳәеит Артур Адлеиба.

Игор Адлеиба - WBO аверсиала аҿар рыбжьара адунеи ачемпион, изныкымкәа Аԥсны ачемпион, Урыстәылатәи Афедерациаҿы жәларбжьаратәи атурнирқәа рҿы иаиааихьоу, акикбоксинг (фул контакт) азы адунеи Ахраҿа занашьоу, Аԥсны абокс азы аспорт азҟаза, Урыстәыла аспорт азҟазарахь акандидат.

Ажәабжьқәа зегьы
0