"Иаҳҳәо шәшәырҳа!": Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

© Foto / АПСНЫПРЕСС Эдуард Бутба
Эдуард Бутба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз инамаданы, акоронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара иахьацлаз иахҟьаны, Гәдоуҭатәи аковид-хәшәтәырҭаҿы иаартуп даҽа ҟәшак.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Аԥсны амедицинатә усбарҭақәа нагарҭа амамкәа иҭәуп, ҵыԥх реиҳа ианҭәыз ишыҟаз аҟынӡа инеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. 

"Ҳара ҳаҽҳарҭынчит, ҳшәом-ҳарҳауам, асабрадақәа ҳҿаҳҵом, ауаа рацәа злахәу аусқәа мҩаԥаагоит, абри зегьы ахҟьаԥҟьа бааԥсқәа рахь ҳкылыргоит. Амедицинатә еилазаара аџьабаа ду рбоит, аидара хьанҭа иаҵагылоуп. Иахьа ҳара ҳамчқәа зегьы, ҳалшарақәа зегьы еидкыланы аусура ҳаҿуп. Уаҳа нагарҭа ыҟам", - ҳәа иажәақәа аанагоит амаҵзура Аԥсныпресс

Алмас Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2021
Арадио
Ареаниматолог апандемиа аамҭазы ауаа рхымҩаԥгашьазы: адәахьы иҟоу ҳбоит, аусурагьы ҳҭахым

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы иаадыртит даҽа ҟәшак COVID-19 злоу ачымазцәа рышьҭаҵаразы - аԥшьбатәи аихагыла иаҭахыз зегь рыла еиқәдыршәеит, уахь ирышьҭит аҳақьымцәеи егьырҭ иаҭаху аусзуҩцәеи рыбригада. Уажәи ари ахәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 131-ҩык ачымазцәа.

Аминистр иажәақәа рыла, ахәшәтәырҭа иҵегьы иамоу аҭыԥқәа макьана раартра аҭахӡам, ачымазцәа ишрыцлалак иаадыртуеит.

Едуард Быҭәба иара убас иргәалаиршәеит ҵыԥх цхыраара иааны ишыҟаз урыстәылатәи аҳақьымцәа, иара убас Аҟәа Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә хырхарҭарацәалатә госпитальгьы аус шауаз, аха сынтәа аԥсуа ҳақьымцәа рхала аусура иаҿуп. 

"Ҳара ҳауаажәлар ҳацхраароуп, ҳхала иҳалшо маҷуп. Ҳаилышәкаа. Ахәшәтәырҭақәа рахь инанаго иалагеит аҿарацәагьы, зырԥҳақәа 75% ачымазара рылаҽхьоу, уи даара ишәарҭоуп. Иаҳҳәо шәшәырҳа! Шәхы шәеиҷаҳа, асанитартә ԥҟарақәа шәрықәныҟәала", - иҳәеит Быҭәба.

Агәабзиарахьчара аминистр иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит акоронавирус ахәыҷқәагьы лассы-лассы ирыдырбало ишалагаз. 

Медицинский персонал армии готовится к вакцинации человека дозой вакцины Pfizer-BioNTech против коронавируса Covid-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2021
Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵыз 260-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Аҟәа актәи аполиклиникаҿы иаадыртраны иҟоуп аобсервациатә ҟәша. Аҳҭнықалақь ахәыҷтәы поликлиникаҿы ҽнак ала 50-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа рыдыркылоит. Уааҵәҟьа ПЦР-тестқәа мҩаԥыргоит, иаҭаххар, Синоп иҟоу амбулатортә центр ахь ирышьҭуеит ахәшәқәа рыларҵарц азы, инарҭбаау ацхыраара зҭаху ахәыҷы аҟәатәи актәи аполиклиникахь дрышьҭлоит иҳәеит Едуард Быҭәба.

"Уа 11-14 иара еиҿыркаараны иҟоуп, Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьымцәа ҷаԥшьалоит. Згәабзиара аҭагылазаашьа бжьаратәу ахәыҷқәа уа ирхылаԥшлоит, ирхәшәтәлоит", - иҳәеит иара.

Ахәыҷы иҭагылазаашьа уадаҩзар, Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭахь ареанимобиль ала дрышьҭуеит, уа иҷыдоу астационартә хәшәтәра изымҩаԥыргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0