Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда аиааит "Шәачеи" дареи рыхәмарраан

© Sputnik / Томас ТхайцукТоварищеский матч между Сборной Абхазии и Сочи
Товарищеский матч между Сборной Абхазии и Сочи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2021
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акомандеи ашьапылампылтә клуб "Шәачеи" рыхәмарра мҩаԥысит амҽыша ԥхынгәы 11 рзы Аҟәа астадион "Динамо" аҿы.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны еизгоу акоманда аиҩызаратә хәмарраҿы аҿартә шьапылампылтә клуб "Шәача" иаиааит 1:0 ҳәа.

Актәи атаим азы акомандақәа рымч еиҟараны ихәмаруан, амба иҭадыршәыртә азы аҭагылазаашьа рибаҭомызт. Уи ахыркәшамҭазы аԥсуа команда изныкымкәа иаман алшара ахараԥсатә цәаҳәаҟынтәи ампыл амба аҭаршәра, аха иауамызт. Ахәаԥшцәа ракәзар, рмилаҭтә команда адгылара ӷәӷәа арҭон.

© Sputnik / Леон Адлейба Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда аиааит "Шәачеи" дареи рыхәмарраан
Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда аиааит Шәачеи дареи рыхәмарраан - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2021
Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда аиааит "Шәачеи" дареи рыхәмарраан

Аҩбатәи атаим аан иаҳа активра аадырԥшит ахәмарцәа. Лассы-лассы амбақәа ирзааигәахо иалагеит. Убас, 54-тәи аминуҭ азы аԥснытәи акоманда иалшеит актәи ампыл аҭаршәра. Ажәылаҩ Алан Кәыҵниа икоманда 1:0 ҳәа ԥхьаҟа игеит. Даҽа х-минуҭк ышьҭахьгьы иҭаиршәырц акы ааигымхеит, аха амбахьчаҩ иааникылеит. 

77-тәи аминуҭ азы аԥсуаа ркоманда иҟарҵаз ахаразы рымба аганахь ампыл иасит, аха уи амба иавҟьан ицеит. Уи ашьҭахь аԥсуа команда ажәыларақәа акыр мҩаԥыргеит, аха ампыл аҭаршәра уаҳа ирылымшеит. 

© Sputnik / Томас ТхайцукАшьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда аиааит "Шәачеи" дареи рыхәмарраан
Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда аиааит Шәачеи дареи рыхәмарраан - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2021
Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда аиааит "Шәачеи" дареи рыхәмарраан

Аӡбаҩ усҟак ирацәаны акәымзаргьы, аԥҟареилагарақәа азгәеиҭон, аха абӷьыц ҩежьқәа аӡәгьы иимырбеит. Аҵыхәтәаны аамҭа хада иациҵеит даҽа ԥшь-минуҭк, аха уаҳа ампыл аӡәгьы иҭаимыршәит.

Тренировки Сборной  Абхазии по футболу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2021
Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда "Шәачеи" иареи рыхәмарра аҽазыҟанаҵоит

Аԥсны еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Беслан Гәыблиа Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз иҳәеит ахәмарра алҵшәа игәы ишахәаз, аха ишьапылампыласцәа рыхәмарра шигәамԥхаз.

"Иҟоуп зыриашара аҭаху техникатә моментқәак, ахәмарыҩцәа рҭагылаазашьа иҵегьы еиӷьзароуп. Аҽазыҟаҵаразы иҳамаз аамҭа маҷын. Апандемиа иалагеижьҭеи ари раԥхьатәи ҳахәмарра ауп", - иҳәеит иара.

Аԥсуа команда ахәмарҩы Инал Ҷкадуа еиҭеиҳәеит алҵшәа бзиоуп ҳәа ишиԥхьаӡо, изындаҭлоз акомандагьы бзиан ҳәа.

Ашьапылампылтә клуб "Шәача" азыҟаҵаҩ хада Михаил Пилипко иажәақәа рыла, ахәмарра аинтерес аҵан, ахәмарыҩцәа ргәацԥыҳәаны ихәмаруан аҵыхәтәанынӡа.

"Алҵшәа хымԥада ҳгәы иамыхәеит. Ҳара ҳаиааирц ҳгәы иҭан, аха ҳахәмарҩык агха ихьит, уи амшала ҳамба ампыл наганы иҭадыршәит", - иҳәеит иара.

Аҿартә шьапылампылтә клуб "Шәача" аадыртит хышықәса раԥхьа. Уи иалоуп Урыстәыла зегь аҟынтәи ахәмарыҩцәа. Урҭ рахьтә шьоукгьы апрофессионалтә командақәа ирылаларазы аиқәшаҳаҭрақәа рнапы аҵарыҩхьеит. Пилипко иара убас иазгәеиҭеит апандемиа амшала еиуеиԥшым ауадаҩрақәагьы шрызцәырҵыз.

Ажәабжьқәа зегьы
0