Гагреи Очамчыреи ПЦР-лабораториақәа аус руӡом аҟазауаа ахьыҟам азы

© Sputnik / Георгий Зимарев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь для лечения больных Covid-19
Госпиталь для лечения больных Covid-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа иҟоу ареспубликатә санитар-бактериологиатә лабораториа уаҳа налымшо аусура иаҿуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik, Бадри Есиава. Гагреи Очамчыреи ПЦР-лабораториақәа аус руӡом аусзуҩцәеи амаругақәа шьақәзыргыло аҟазауааи ахьыҟам азы ҳәа адепутатцәа иралҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Лара лажәақәа рыла, арҭ алабораториақәа аартра иазхиоуп, аха уа иҩнагылоу амаругақәа аҿазкша аҟазауаа ааны рус ҟарымҵацт. Уи зыхҟьазеи ҳәа илоуз азҵаара аҭак лзыҟамҵеит, уи азҵаара лус ахьалам азы.

Скорик излалҳәаз ала, Аҟәа иҟоу ареспубликатә санитар-бактериологиатә лабораториа уаҳа налымшо аусура иаҿуп. Рашәарамзазы уахыки-ҽнаки рыла 294 тест ҟарҵозҭгьы, ԥхынгәымза азбжанӡа урҭ рхыԥхьаӡара 528 рҟынӡа иазҳаит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0