Аҵыхәтәантәи ҩымш рзы Очамчыра араион аҿы 500 маининг-аппарат рымырхит

© Sputnik Рейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не
Рейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион гәыԥҩык анхацәа аҩаша ԥхынгәы 13 рзы Араду ақыҭан еизаны уи ауха амчратә усбарҭақәа изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аанкыларазы имҩаԥыргаз агәаҭарақәа рзы агәынамӡара аадырԥшит. 

АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҳәынҭстандарти 560 маининг-хархәагақәа Очамчыра араион аҿы ирымырхит иҳаҩсыз ҩымш рыҩнуҵҟа, абри азы адырра ҟаиҵеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Бадра Аиба.

"Ԥхынгәы 12-13 рзы Очамчыра араион аҿы имҩаԥган изакәанымкәа акриптовалиута арҳаразы ишьақәыргылоу амаругақәа рыԥшаареи рымхреи ирызкыз агәаҭарақәа. Очамчыра ақалақьи ақыҭақәаки рҿы иԥшааны ирымырхит 569 аппарат. Ирымырхыз зегьы Аҳәынҭстандарт аԥкаанҵа шьақәыргыланы ашьҭаҵарҭахь инашьҭуп. Агәаҭарақәа абжьааԥны ишымҩаԥаагац еиԥш имҩаԥаагон, уадаҩрақәак, ма аӡәы имаҵура ихы иархәаны ишакәым дныҟәеит ҳәа хҭыс ыҟамызт", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Майнинг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Очамчыраа агәынамӡара аадырԥшит амаининг-хархәагақәа ахьрымырхыз

Амчратә усбарҭақәа русуразы ԥхынгәы 13 рзы Араду ақыҭан еизаз ауаа иаадырԥшыз агәынамӡара иазкны аусбарҭаҿы ахҳәаа ҟарымҵеит.

"Аԥсны атәылауаа азин рымоуп аиҳабыра рганахьала иргәамԥхо ак ыҟазар агәынамӡара аадырԥшларц, уи азы рзин Аԥсны Аконституциа иануп", - ҳәа инаҵишьит иара.

Очамчыра араион ахадара излаарыцҳауа ала, Араду ақыҭан аҿагыларатә акциа ҟалаанӡа мышк аԥхьа амчратә усбарҭақәа имҩаԥыргеит изакәанымкәан акриптовалиута арҳара аанкыларазы агәаҭарақәа.

Габилаиа иажәақәа рыла, аҿагыларатә акциахь инеит араион ақыҭақәа зегь рҟынтәи акриптовалиута арҳара знапы алаку ауаа.

Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артимон Габилаиа ишиҳәаз ала, арҭ ауаа дҵаны иқәдыргылоит аӡәгьы дрыламкьыскәан аус руртә алшара рырҭарц. Иара убас дара изеиҭарҳәеит амаининг-хархәагақәа шрымырхыз ала изакәызаалак шәҟәык аҿы иадмырбаӡеит ҳәа.

Аԥсны акриптовалиута арҳареи уи азы ахархәагақәа ралагалареи рзин аанкылоуп 2022 шықәса хәажәкыра 31 рҟынӡа. Аӡбамҭа рыдкылан Аԥсны афымцамч ахархәара ахьацлацәаз иахҟьаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0