Амчреи Очамчыра агәынамӡара аазырԥшыз амаинерцәеи акы иазааит

© Sputnik Очамчира
Очамчира  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҳәынҭстандарти 560 маининг-хархәагақәа Очамчыра араион аҿы ирымырхит иҳаҩсыз ҩымш рыҩнуҵҟа, уи ашьҭахь амаининг-хархәагақәа змырхыз анхацәа агәынамӡара аадырԥшит Араду ақыҭан еизаны.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Амчреи Очамчыра агәынамӡара аазырԥшыз амаинерцәеи акы иазааит, абри атәы иҳәеит араион ахадара аиҳабы Беслан Бигәаа.

Рейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Аҵыхәтәантәи ҩымш рзы Очамчыра араион аҿы 500 маининг-аппарат рымырхит

"Ааи, иацы ауаа еизеит, еиҳарак дара гәынамӡарас ирымоу амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа уахынла иахьнеиуа ауп. Аԥсны ААР ааԥхьаны ари азҵаара рыҭан, дара ражәақәа рыла, уахынла агәаҭарақәа мҩаԥыргоит, избанзар ҽынла акриптофермақәа раҿыхразы рус нарыгӡоит. Иара убас, ауааԥсыра ирҳәеит Ԥақәашь ақыҭан амилициа аусзуҩцәа ахьнеиз аҩнқәа руак аҟны ишакәым рхы мҩаԥыргон ҳәа, амала иарбан ҩну аӡәгьы имҳәеит, дара амилициаа ракәзар, уи мап ацәыркуеит", - иҳәеит иара.

Бигәаа иажәақәа рыла, аҩашаҽны Араду еизеит 150-200 рҟынӡа ауааԥсыра. Уи ашьҭахь аҭыԥантәи ахадарахь инеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ, Жәлар Реизара адепутатцәа, апрокуратура ахаҭарнакцәа, АШәМ.

Майнинг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Очамчыраа агәынамӡара аадырԥшит амаининг-хархәагақәа ахьрымырхыз

"Сусурҭатә уадаҟны ҳаизеит. Иҟалаз аҭагылазаашьа аҳәынҭқарра ахада иаҳҳәоит ҳәа ҳазааит, иара иахь ҳцеит. Иара иҳәеит, амилициа аусзуҩцәа ишакәым рхы мҩаԥыргазар, ирыхәҭоу иақәыршәатәуп ҳәа. Иахьа дааит Аԥсны АА рминистр Дмитри Дбар, иҳәеит уажәшьҭарнахыс агәаҭарақәа уахынла ишымҩаԥырымгало, аха изакәанымкәа акриптовалиута арҳаразы ишьақәыргылоу амаругақәа рыԥшаареи рымхреи ирызку агәаҭарақәа ишрыцырҵо", - иҳәеит Бигәаа.

Араион ахада иара убас иҳәеит иахьа амаинингқәа ззықәгылоу ауааи дареи аиԥылара шрымаз. Дара 50-ҩык рҟынӡа ыҟан. Дара ирацәажәон Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, араион анапхгара, Жәлар Реизареи аҭыԥантәии адепутатцәа.

Бигәаа иажәақәа рыла, амаинерцәа ирарҳәеит афымцатә цәаҳәақәа ирықәу амчхара азымхара иахҟьаны аамҭала рфермақәа аҿырхырц шакәу, ма акриптоԥара арҳаразы Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымца аашьҭра иалагаанӡа. Аицәажәара ашьҭахь еизаз ҭынч еидыҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0