Аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны аепидмаҵзура COVID аӡәы заҵәык идырбалеит ҩымчыбжь рыла

© Sputnik / Томас ТхайцукДПС - Канал в Гале. Зона отчуждения от коронавируса
ДПС - Канал в Гале. Зона отчуждения от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2021
Анапаҵаҩра
Қырҭтәылантәи ҳтәыла иҭало зегьы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" аҿы еиҿкаау асанитар-епидемиологиатә маҵзураҟны иддырбароуп алаҵа шыҟарҵаз атәы зҳәо ашәҟәы, COVID-19 рцәа ишалам шьақәзырӷәӷәо аилыркаа, ма ацәеижьҿагылақәа шрымоу аазырԥшуа абӷьыц.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik, Бадри Есиава.Аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны аепидмаҵзура COVID аӡәы заҵәык идырбалеит ҩымчыбжь рыла, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Галтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гамгьиа.

Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2021
Апандемиа иахҟьаны аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа ахысразы иалагалаз аԥкрақәа дырԥсыҽит

"Иацы аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны еиҿкаау аепидмаҵзура апункт аҟны аӡәы ачымазараҿкы ицәа ишалаз шьақәнарӷәӷәеит. Иара ахыԥхьакрахь дышьҭуп. Ари раԥхьатәи хҭысуп, аҳәааҟны аепидмаҵзура аус ауеижьҭеи", - иҳәеит иара.

Гамгьиа иҳәеит, аҳәааҟны амедпункт аартра шхымԥадатәииз, аҳәаа иахысуа ауаа ргәаҭара шаҭаху.

Қырҭтәылантәи ҳтәыла иҭало зегьы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" аҿы еиҿкаау асанитар-епидемиологиатә маҵзура аҟны иддырбароуп алаҵа шыҟарҵаз атәы зҳәо ашәҟәы, COVID-19 рцәа ишалам шьақәзырӷәӷәо аилыркаа, ма ацәеижьҿагылақәа шрымоу аазырԥшуа абӷьыц.

"Аԥснытәи Қырҭтәылаҟа ицо ауаа шьҭахҟьа рыхынҳәразы хымш ҿҳәарас ирымоуп, аха уи аамҭа иахысыр, абарҭ зыӡбахә сҳәаз ашәҟәқәа рымазароуп", - иҳәеит иара.

Аҳақьымцәа аҳәаа иахысуа зегьы ршоура гәарҭоит, ачымазараҿкы еиԥшу асимптомқәа рымазар, ирлас атест рзыҟарҵоит, уи минуҭқәак иадхалоит.

Апункт аус ауеит асааҭ 7:00 инаркны 19:00-нӡа, аҳәаа ахысра азин аныҟоу аамҭазы. Аҳақьымцәа ргәыԥ 12-ҩык ыҟоуп, дара ҷаԥшьоит ҩыџьа-ҩыџьала - ҳақьымки медиаҳәшьаки.

Гамгьиа иажәақәа рыла, аҳақьымцәа зегьы акоронавирус зхызгахьоу роуп, аха уеизгьы ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0