Аԥсны Апарламент аилатәара еиԥҟьеит амш аусхәаԥштә ахьрыдрымкылаз азы

© Sputnik / Бадри Есиава Сессия парламента
Сессия парламента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент изаамҭанытәим аилатәара амш аусхәаԥштә иалан азҵаарақәа ԥшьба.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Апарламент адепутатцәа ахәаша ԥхынгәы 16 рзы имҩаԥысыз аилатәараҿы амш аусхәаԥштә рыдрымкылаӡеит ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Амш аусхәаԥштә азҵаарақәа ԥшьба алан: "Аԥсны астратегиатә обиектқәа рзы", "Аԥсны Жәлар Реизара атәыла ахада иахь рааԥхьара", "акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы зхырԥара амуа аусмҩаԥгатәқәа рзы", "Аԥсны Жәлар Реизара афымцамч зҭагылоу ауадаҩрақәа инарымаданы атәыла ахада иахь рааԥхьара".

Эдуард Бутба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
"Иаҳҳәо шәшәырҳа!": Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Амш аусхәаԥштә ахцәажәараан адепутат Баҭал Табаӷәуа иҳәеит уи мап шацәикуа, уи иалоу азҵаарақәа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа агәаанагара ахьимоу азы. Уи адагьы иара иҳәеит урҭ рыхцажәарагьы шҵәылхроу. Депутатцәақәакгьы уи иқәшаҳаҭхеит. 

Адепутат Валери Агрба инаҵшьны иазгәеиҭеит зыӡбахә ҳәоу атемақәа зегьы, еиҳаракгьы акоронавирус иадҳәалоу, иахьазы ауаа зегьы ргәы иҵхо роуп, убри азы урҭ рылацәажәара аҭахуп. Агәабзиара аминистр Едуард Быҭәба ихаҭагьы Жәлар Реизара асоциалтә политиказы аилак аилатәараангьы аҳәара ҟаиҵахьан Апарламент ацхыраара ҟанаҵарц COVID-19 иаҳа-иаҳа иахьалаҵәо, амедицинатә усзуҩцәа аџьамыӷәа рхыганы аусура иахьаҿу азы ицәырҵуа апроблемақәа рыӡбараҟны.

Адепутат Рауль Лолуагьы амш аусхәаԥштә дшаҿагыло атәы иҳәеит, урҭ аполитикатә цәаԥштәхәы амоуп ҳәа азгәаҭаны. Иара игәаанагарала, "Аԥсны астратегиатә обиектқәа рзы" апункт раԥхьа Апарламент ашәарҭадаратә еилак аҿы иахцәажәатәын.

Гарри Кокаиа иакәзар, амш аусхәаԥштә згәамԥхаз депутатцәақәак ирҳәаз оумашәа ибеит. Иара иажәақәа рыла, апандемиа иадҳәалоу апроблемақәа рыӡбахә амҳәара гха дууп, даҽа дунеик аҿы шәынхома ҳәа аҽԥныҳәагьы риҭеит.

Кокаиа ишиҳәаз ала, амедицианатә усзуҩцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп: русура шымариам инаваргыланы, ауалафахәгьы ианаамҭоу ироуам, уи ахыхь аҳәынҭқарра ирынаҭогьы ааныркылоит.

Адепутатцәа сааҭк иназынаԥшуа амш аусхәаԥштә иалацәажәон, еимаркуан-еиҿаркуан. Аҵыхәтәаны Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа уи абжьыҭиразы иқәиргылеит. Уи иадгыланы рыбжьы рҭиит 12-ҩык, иаҿагылеит 9-ҩык. Абас ала, абжьыҭира акворум амаиуӡеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0