Быҭәба: Аԥсны амедицинатә еилазаара иамоу амчқәа зегьы еиднакылоит

© Foto / АПСНЫПРЕСС Эдуард Бутба
Эдуард Бутба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 19595-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16050-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 272-ҩык.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik. Атәылаҟны ачымазараҿкы COVID-19 ззышьақәырӷәӷәоу рхыԥхьаӡара аизҳара иахҟьаны Аԥсны амедицинатә еилазаара иамоу амчқәа зегьы еиднакылоит, абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Иара иажәақәа рыла, иахьазы атәыла ахәшәтәырҭақәа ирҭоуп 293-ҩык.

"Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩуп, уи аҽышьҭнахит. Зынӡа ахәшәтәырҭақәа ирҭоуп 293-ҩык. Аковид аԥырҟәҟәааразы ҳмедицинатә еилазаара иамоу амчқәа зегьы еиднакылоит", - иҳәеит аминистр.

Агәабзиарахьчара аминистр иажәақәа рыла, абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 165-ҩык, Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 45-ҩык.

ГНЦ вирусологии и биотехнологии Вектор - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Быҭәба: Аԥсны COVID-19 аизҳара шыҟало убартә иҟан

Быҭәба иара убас иазгәеиҭеит, ахәшәтәырҭақәа ирыдҵаало аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара ишазҳауа. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистрреи реиқәшаҳаҭрала, арҭ апациентцәа рыхәшәтәразы Урыстәылаҟа рышьҭразы аҭагылазаашьа аԥырҵеит.

Ԥхынгәы 5 рзы Аԥсны амч роуит аԥкрақәа: ачарақәеи, агәырӷьаратәи аныҳәатәи усмҩаԥгатәқәеи, аиныхрақәеи, ауаа рацәа злахәу егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи иарку ауаажәларратә крыфара-чара ахыбрақәа рҿы рымҩаԥгара ҟалом.

Ԥхынгәы 12 инаркны иаркуп акультуратә усбарҭақәа.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ахада идигалеит акоронавирус аҿагыларазы аԥкрақәа иҵегьы ирӷәӷәазарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0