Аҟәа араион "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа иақәу ауал 40 миллион еиҳауп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛампочки
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2021
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа идҵала ахада иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа изакәанымкәа амаининг ахархәара азҵаарақәа ирызку аилацәажәара мҩаԥигеит Аҟәа араион аҿы.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи ԥшьышықәса рзы Аҟәа араион афымцамч ахә азы иақәу ауал 40 миллион еиҳауп, абри атәы иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" араионтә ҟәша аиҳабы Даур Ҷыҭанаа. Абри атәы аанацҳауеит аинформациатә маҵзура Аԥсныпресс.

Президент Аслан Бжания провел рабочее совещание с участием членов правительства - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Бжьаниа араионқәа рхадацәа амаининг азы аҭагылазаашьазы аҭакԥхықәра шрыдло иҳәеит

Иара иажәақәа рыла, арҭ арбагақәа аҵыхәтәанӡа иҭҵаам, избанзар афымца ахархәаҩцәа реиҳараҩык афымцамчԥхьаӡагақәа рзықәгылам, уи иахҟьаны ирзыԥхьаӡом шаҟа афымцамч нырхызи, атрансформаторқәа ироуз ақәыӷәӷәареи, иара убас закәаншьаҭада афымцацәаҳәақәа ирҿаԥшьу амаинингқәа шаҟа рхы иадырхәази.

Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит, Аҟәа ӡыла еиқәзыршәо аӡыҭгагақәа рахь ишынашьҭу Аҟәа араион иахыԥхьаӡалоу афидер. Уи ахархәара еизҳаит - 2019 шықәсазы аӡыҭгага 2,5-3 мегаватт-сааҭ ахархәара амазҭгьы, иахьазы иннахуеит 5 мегаватт-сааҭ.

Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, араион иақәу ауал еиҳарак зыхҟьаз закәаншьаҭада акриптовалиута арҳаразы амаининг-хархәагақәа афымцацәаҳәақәа иахьырԥыршьыз шакәу. Иҳәеит, изакәанымкәа акриптовалиута амаининг ахылаԥшра азҵаара иазкны иаԥҵаз аоперативтә штаб аусура аамҭазы иԥшааны иаҿыхын 75 маининг-ферма ҳәа. Дара реиҳарак ықәгоуп. Уи аамҭазы дара ирылшеит араион аҟны афымца ахәархәара аиҵатәра.

"Иаҳҭаху арбагақәа ҳаурц азы есҽны аус ааулароуп. Ас ианца, иаарласны афымцамч азымхара ҳныԥшуеит", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Аилатәара иалахәын аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанбеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0