Атуроператорцәа ирҳәеит Аԥсны аԥсшьараз ахәқәа зеиԥшроу ԥхынгәы анҵәамҭазы

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы плавают на катамаране в море
Туристы плавают на катамаране в море  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атуроператорцәа рассоциациа (АТОР) аналитикатә маҵзура урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии ркурортқәа рҟны аԥсшьараз рыхәқәа зеиԥшроу ҭнаҵаауеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Ԥхынгәы анҵәамҭазы Аԥсны аԥсшьараз ахәқәа ҳаракуп, Амшын еиқәа аҿықәтәи акурортқәа рыхәқәа раасҭа, урҭ алаҟәра ишаҿугьы, ҳәа аанацҳауеит Вестник АТОР.

Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2021
Урыстәылатәи атуроператорцәа Аԥсны акурортқәа ԥхынгәы-нанҳәа рзы рыҭәра атәы иалацәажәеит

Аԥсшьараз ахәқәа зеиԥшроу ҭырҵаауеит ҩымчыбжь рахьтә знык. Арбагақәа аагоуп атурмаҵзура "1001 тур" аҭҵаарақәа рҟынтә.

Иазгәаҭоуп, ԥхынгәы алагамҭазы Аԥсныҟа зегь реиҳа зыхә мариаз атур ҩыџьа рзы 43,1  нызқьмааҭ ишаԥсаз, ԥхынгәы анҵәамҭазы ахәқәа лаҟәит- 39,3 нызқьмааҭ рҟынӡа.

"1001 тур" адыррақәа рыла зхәыҷқәа зманы ҭаацәала ԥсшьара иаауа рхыԥхьаӡара 60% инаӡоит.

Шәачеи, Анапеи, Ҟрыми иаҭаауа аԥсшьаҩцәа жәаха-жәамш рзы бжьаратәла инырхуеит 30,3 – 35,6 нызқьмааҭ. Арҭ ахырхарҭақәа ԥхынгәы алагамҭаз рыхәқәа акырӡа еиҳан.

Аԥсныҟа атурқәа зҭаху рацәаҩхеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иалагалоу аԥкрақәа ирхырҟьаны рҳәоит АТОР аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0