Sputnik амчыбжь: "инымҵәо" акоронавирус, амаинертә ҿагылара, Аҟәа аиҿахысра

© Sputnik Ночной рейд
Ночной рейд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik абжьааԥнеиԥш иазнархиеит иҳаҩсыз амчыбжь - ԥхынгәы 12-18 рыҩнуҵҟа иҟалаз ахҭысқәа реизга.

Акоронавирус ахьаҵра агәы иҭам, уи иахырҟьаны Аԥсны аԥкра ҿыцқәа аларгалеит. Атәыла амедусҳәарҭақәа ирҭоу рхыԥхьаӡара иацымлозар, иагхом. Амаининг аԥырҟәҟәааразы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара акәзаргьы нҵәара рықәым. Аха иҟоуп уи згәы иамыхәогьы. Асабша ауха Аҟәа аиҿахысра иҟаз иахҟьаны ҩыџьа ауаа рыԥсҭазаара иалҵит, аӡәы ахәрақәа иоуит. Апрокуратура хада абри ахҭыс аганахь ала ашьаусҭҵаара хацнаркит. Арҭи егьырҭ аматериалқәеи Sputnik аҿы.

Sputnik

"Агәыргьынхыхра"

Ԥхынгәы 12 -17 ирылагӡаны 1110 коронавирус хҭыс аарԥшын, ареспубликатә хәшәтәырҭақәа рҿы рыԥсҭазаара иалҵит 12 пациент COVID-19 иахҟьаны. Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 19963-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16294-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 277-ҩык.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа хадаҿы коронавирус змоу рзы аҽа ҟәшак аадыртит, уахь инашьҭуп амедицинатә бригада.

Эдуард Бутба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
"Иаҳҳәо шәшәырҳа!": Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба атәыла ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит рхы рыхьчаларц, аԥкратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, иҳәеит атәылаҟны ачымазараҿкы COVID-19 ззышьақәырӷәӷәоу рхыԥхьаӡара аизҳара иахҟьаны Аԥсны амедицинатә еилазаара иамоу амчқәа зегьы еиднакылоит, аха урҭ азхом ауааԥсыра рыцхыраарада ҳәа.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба атәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазкыз ипресс-конференциа мҩаԥысит Аԥсуа телехәаԥшра апресс-центр аҟны аҩаша ԥхынгәы 13 рзы.
Аԥсны акоронавирустә инфекциа аизҳара шыҟало убартә иҟан, избанзар ауааԥсыра аҽыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәомызт иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Иара иазгәеиҭеит атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шыуадаҩу, аҳақьымцәа тәамҩахә рымамкәа аус руеит ҳәа.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра урыстәылатәи рколлегацәа рахь ашәҟәы нанашьҭит ареспубликахь акоронавирус аҿагыларазы аспециалистцәа аарышьҭырц азы иҳәеит Едуард Быҭәба ипресс-конференциаҿы.

Конверт с российскими рублями. - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2021
COVID аҿагылареи азинхьчаҩцәа рыцхраареи: Ҳазреҭ Совмен Аԥсныҟа аԥара ааишьҭит

Убри аамҭазы коронавирустә инфекциаҟынтә алаҵаҟаҵара актәи аетап ахыркәшарахь инеиит. Ԥхынгәы 15 азтәи адыррақәа рыла "Спутник V" алаҵа ҟарҵахьеит 6398-ҩык, 4000-ҩык аҩбатәи алаҵа ҟарҵеит. Алаҵа апартиа ҿыц нанҳәамза алагамҭазы иазыԥшуп. Ари азҵаара аӡбразы Адыгатәыла уаанӡатәи ахада Ҳазреҭ Совмен иааишьҭыз 50 миллион мааҭ ахәҭак азырхахоит.

Ииасыз амчыбжь азы Апарламент инарҭбаау аилатәарахь инаԥхьан Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи ареспублика асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорики. Адепутатцәа иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьазы агәҭынчымра аадырԥшит, ирҳәеит ацхыраара ишазыхиоу.

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ирзеиҭеиҳәеит имҩаԥырго аусурақәеи ауадаҩрақәеи ртәы.
Иҵарны иқәгылоуп зыхә дуу ахәшәқәа "Актемра" "Артлегиа" реиԥш иҟоу роура. Урҭ хара имгакәа ареспубликахь иаараны иҟоуп иҳәеит аминистр. Иазгәеиҭеит Урыстәылагьы урҭ ахәшәқәа разымхара шыҟоу.

Депутатцәақәак ажәалагала ҟарҵеит афымцамчҭаҩратә хархәагақәа ирызку 100-миллион мааҭ аԥара ахәшәқәа раахәара иазырхазарц.

Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
COVID азы аныхрақәа рахь ииагахар алшоит афымцамчԥхьаӡагақәа ирзоужьу аԥара

Ԥхынгәы 12 инаркны Аԥсны иаанкылоуп Акультура аминистрра иаҵанакуа аусбарҭақәа атәылаҿы ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз иахҟьаны.

Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз иахҟьаны инапы аҵеиҩит атеатрқәеи, амузеиқәеи, абиблиотекақәеи, акультуратә центрқәеи, акультуратә ҩнқәеи, ацәыргақәҵатәи аконцерттәи залқәеи, ансамбльқәеи акультура-ҵаратә усбарҭақәеи русура аанкыларазы аусԥҟа.

Акультуратә усбарҭақәа уи аԥхьа аусура иалаганы иҟан жәабран 15 рзы, ԥшьымзтәи акарантин ашьҭахь.

Амаинингқәеи аҿагыларақәеи

Аԥсны акриптовалиута арҳареи уи азы ахархәагақәа ралагалареи рзин аанкылоуп 2022 шықәса хәажәкыра 31 рҟынӡа. Аӡбамҭа рыдкылан Аԥсны афымцамч ахархәара ахьацлацәаз иахҟьаны.

Стеллажи с фермами для майнинга криптовалют. - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2021
АШәМ аҟны ирҳәеит ԥхынгәы 4 инаркны шаҟа маининг-шьақәгыла аҿыху

Амаинингҿагыларатә уснагӡатәқәа шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит. Аԥсны ААР аинформациала аҵыхәтәантәи аҩымчыбжь аҩныҵҟа 1300 аппарат аҿыхуп. Ареидтә уснагӡатәқәа еицымҩаԥыргоит Аԥсны ААР, Аԥсны АШәМ, Аҳәынҭстандарт, АУН "Амшынеиқәафымцамч".

Очамчыра араион аҟны 560 маининг аппарат рылыргеит ииасыз амчыбжь азы. Абри ашьҭахь қыҭақәак рынхаҩцәа агәынамӡара аадырԥшит изакәанымкәан акриптовалиута арҳара аанкыларазы амчратә усбарҭақәа имҩаԥыргаз агәаҭарақәа рзы. Абри инадҳәаланы аҩаша ԥхынгәы 13 рзы Араду ақыҭан иеизеит амаининг хархәаҩцәа 150-200 рҟынӡа. Уи ашьҭахь аҭыԥантәи ахадарахь инеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ, Жәлар Реизара адепутатцәа, апрокуратура ахаҭарнакцәа, АШәМ.
Sputnik аинтервиу азҭаз араион ахада Беслан Бигәаа иҳәеит ауаа ишыргәамԥхо уахынлатәи ареидқәа, амилициа аусзуҩцәа рхымҩаԥгашьа.

Майнинг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Очамчыраа агәынамӡара аадырԥшит амаининг-хархәагақәа ахьрымырхыз

Бигәаа иажәақәа рыла, амаинерцәа ирарҳәеит афымцатә цәаҳәақәа ирықәу амчхара азымхара иахҟьаны аамҭала рфермақәа аҿырхырц шакәу, ма акриптоԥара арҳаразы Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымца аашьҭра иалагаанӡа. Аицәажәара ашьҭахь еизаз ҭынч еидыҵит.

Ԥхынгәы 12 азы атәыла ахада Аслан Бжьаниа араионқәа рхадарақәа агәҽанҵара риҭеит хаҭала аҭакԥхықәра абри аус аҿы ишрыдло.

"Ахара зду рықәыӷәӷәара шәылымшозар ма ишәҭахымзар, шәара шәхаҭақәа шәганахь аусқәа сыдыскылароуп" ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит иара инарҭбаау аусутә еилацәажәараҿы.

Ашәахьа ԥхынгәы 12 рзы Аслан Бжьаниа "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы адҵа ииҭеит Тҟәарчалтәи РЕС анапхгаҩы имаҵура дамихырц, избанзар аҵыхәтәантәи аамҭазы уа иаарԥшын амаинингқәа 600 инареиҳаны.

Черноморэнерго  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2021
"Амшынеиқәафымцамч" Тҟәарчалтәи аҟәша аиҳабы имаҵура дамхуп

АУН "Амшынеиқәафымцамч" Тҟәарчалтәи аҟәша аиҳабы Вахтанг Харчлаа иусура дамхуп. Харчлаа "Амшынеиқәафымцамч" Тҟәарчалтәи аҟәша аиҳабыс даҭан нанҳәамза 2020 шықәсазы.

Аԥсны апрокурор хада ԥхынгәы 15 азтәи аоперативтә еилацәажәараҿы иазгәеиҭеит аенергетика аусхк аҟни акоррупциа аҿагылараҟни апрокуратурақәа рус хра аманы ишыҟам.

Агрба анапынҵа ҟаиҵеит апрокурортә хылаԥшра абри ахырхарҭаҿы ирӷәӷәазарц.

Имҩаԥымсыз аилатәара

Аԥсны Апарламент адепутатцәа ахәаша ԥхынгәы 16 рзы Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорики рԥылара ашьҭахь изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥыргараны иҟан. Аха имҩаԥысыз аилатәараҿы амш аусхәаԥштә рыдрымкылаӡеит.

Сессия парламента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2021
Аԥсны Апарламент аилатәара еиԥҟьеит амш аусхәаԥштә ахьрыдрымкылаз азы

Амш аусхәаԥштә азҵаарақәа ԥшьба алан: "Аԥсны астратегиатә обиектқәа рзы", "Аԥсны Жәлар Реизара атәыла ахада иахь рааԥхьара", "Акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы зхырԥара амуа аусмҩаԥгатәқәа рзы", "Аԥсны Жәлар Реизара афымцамч зҭагылоу ауадаҩрақәа инарымаданы атәыла ахада иахь рааԥхьара".

Аилатәара амҩаԥгара аԥшьгаҩцәа абрифинг мҩаԥганы иҟалаз азы ргәаанагарақәа рҳәеит, рколлегацәа рхымҩаԥгашьа ахәшьара арҭеит, ҷыда-ҷыдала ирыхцәажәеит азҵаарақәа, урҭ аҵакы рыманы изырыԥхьаӡаз.

Адепутат Алхас Џьынџьал иажәақәа рыла ақәҵара "Астратегиатә обиектқәа рзы" апроект аилатәара аиԥҟьара мзызны ишаиуз.

Анаҩс Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны адепутат Баҭал Табаӷәуа иҳәеит агәабзиарахьчара атема иадҳәаланы иатәӡам азҵаарақәа рыӡбарц ргәы ишҭаз иколлегацәак. Аенергетика акәзар атәылаҿ ари аусхк ҳәаақәызҵо азакәанԥҵаратә актқәа аус руеит иҳәеит иара.

Жәларбжьаратәи аусқәа

Ԥхынгәы 13 азы Аԥсны аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови рнапы аҵарҩит Апрограмма-хықәкытә напхгараҭара аҿиара аусхк аҟны аусеицуразы амеморандум.

Флаги Абхазии и России - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Аԥсни Урыстәылеи апрограмма-хықәкытә напхгараҭараҿы аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит

Адокумент инақәыршәаны, аҩминистррак аус еицырулоит аинформациеи аҳәынҭқарратә программақәа аус рыдулареи, рынагӡареи, рыхәшьареи рзы аԥышәеи реимдараҿы, иара убас ари азҵаара иазҟазоу ауаа рыпрофессионализм аҩаӡара аизырҳараҿы.

Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит аекспертцәеи аделегациақәеи русутә еилатәарақәа аамҭа-аамҭала рымҩаԥгара, аконференциақәа, асимпозиумқәа, асеминарқәа реиҿкаара.

Аминистрра аҟазауаа аҵара дырҵарази аконсультациақәа рзымҩаԥагарази аҭҵаарақәа еицымҩаԥыргалоит, аҟазауаа еиҭнырыԥсахлоит.

Ԥхынгәы 15 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба усутә ныҟәарыла Никарагуаҟа дцеит.
Ақаҩба Никарагуа иҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәыла анапхгара ахаҭарнакцәеи иареи реиԥыларақәа азԥхьагәаҭоуп.

Иара убас Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр дрылахәхоит Сандинисттәи ареволиуциа 42 шықәса ахыҵразы имҩаԥгахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.

Аиҿахысреи аҭакрақәеи

Аҟәа ақалақь аҿы аиҿахысра ҟалеит асааҭ 19:54 рзы, Цәыббра 30 амҩа, №8 аҩны аҿаԥхьа.

Ихәыз хҩык ацхыраара рыҭаразы Ареспубликатә хәшәтәырҭахь инаган.

Руслан Гәдалиеи Беслан Ӡыбеи иаразнак рыԥсҭазаара иалҵит, Аслан Зыхәба ареанимациахь днаган.
Аԥсны ААР апресс-маҵзура ахәра зауз иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылам рҳәеит. Иара хык илҟьеит, ҽакы ицрасит. Аоперациа изымҩаԥыргеит асабша ахәылԥаз.

МВД РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2021
Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы иҟалаз аиҿахысра иалахәызи иҟалаз шыҟалази атәы рҳәеит

Аԥсны Апрокуратура хада ашьаус хацнаркит Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы ҩыџьа ахьҭахаз аиҿахысра ахҭыс азы. Ԥхынгәы 18 азы дааныркылеит ашьра ҟазҵаз ҳәа агәҩара ззыҟоу – 42-шықәса зхыҵуа, Аҷандара ииз Игор Гәыдалиа.

Имҩаԥысит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аилатәара Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы 2019 шықәсазы Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба, Доминика Ақырҭааԥҳа рышьра аганахьала.

Апрокуратура хада адыррала акриминал алахәылацәа Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба, ақьафурҭа ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳаи рышьреи Русҭам Шамбеи Шамил Аҩӡбеи рышьразы аҽазышәареи рхараҵоуп ацәгьоуцәа ргәыԥ аиҿкааҩцәа Ерик Ҷкадуеи, Беслан Бганбеи, агәыԥ алахәылацәа Даҭо Ахалаиеи, Демур Ахалаиеи, Аслан Блаббеи.

Аԥсны ААРи Аԥсны АШәМеи рзыҳәала аилатәара ииаган Аԥсны АШәМ ахыбрахь, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿаԥхьа ауаа рацәеи амашьына рыцәеи рыҟазаарази апровокациатә хымҩаԥгашьақәа ҟалар алшоит ҳәа иҟоу агәаанагарази.

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Арепатриациа афонд аԥарақәа реимҵәаразы аус иалаҟьашьу Амиран Лакербаиа аҩнытә баандаҩра иқәнаҵеит ҩымз ҳәа - цәыббра 13 рҟынӡа.

Ашьҭазаара змаз Амиран Лакербаиа ԥхынгәы 13 рзы Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусԥшааратә усбарҭахь ихала днеит, уа Арепатриациа афонд иатәу аԥарақәа реимҵәара ахҭыс ала ихацырку ашьаус азы иҿахәы иҿырхит.

Руки в наручниках. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Арепатриациа афонд аԥарақәа реимҵәаразы аус иалаҟьашьу даҽаӡәы даанкылоуп

Арепатриациазы уаанӡатәи аминистр Беслан Дбар ахара идырҵоит имаҵура ихы иархәаны адокументқәа еилаганы, аҳәынҭқарратә ԥара рацәаны еимиҵәеит ҳәа. Ари аус иалахәуп ИАЕ "РемСтрой2012" аиҳабы Амиран Лакербаиеи Арепатриациазы афонд атехникатә хылаԥшразы анџьныр Денис Ақаҩбеи.
Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусԥшааратә усбарҭа ашьаус хацнаркит хәажәкыра 23 рзы. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Арепатриациаз уаанӡатәи аусзуҩ Денис Ақаҩба аҩнытә рбаандаҩра иқәнаҵеит лаҵара 23 рҟынӡа.

Арепатриациазы уаанӡатәи аминистр Беслан Дбари ИАЕ "РемСтрой2012" аиҳабы Амиран Лакербаиеи рыԥшаара рыларҳәеит мшаԥы 23 рзы.

Иҵыхәтәантәим аиҭарҿыцра

Аихамҩатә станциа "Гәыма" аԥсҭазаара ҿыц хацнаркит. Ари аобиект ргылан 1940 шықәсазы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ари аҭыԥ гәыгәҭыжьны иҟан, аха 2019 шықәсазы қьырала ахатәхаҿы иҭан.

На ЖД подстанции Гума открыли новое арт-пространство  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2021
Аҟазара зегьы рзы: "Guma art station" аартын Аҟәа

Аҟазарҭа аплатформа "Guma art station" аартра мҩаԥысит Аҟәа ԥхынгәы 16 рзы.

Аихамҩатә станциа "Гәыма" аҟазара злоу, уи ӡырызгар зҭаху зегьы рзы зеиԥш ҭыԥуп.

"Guma art station" аартра аҽны имҩаԥган афотоцәыргақәҵа, амузыкантцәа хәмаруан, акрыфа-чара ахыбрақәа аартын, ахәылбыҽха еизаз зегьы аԥхынтәи акинотеатр аҟны идырбан афильм "Время счастливых находок".

Аҭоурыхтә ҩнқәа

Ажурналист, Sputnik автор Саида Жьиԥҳа лышәҟәы-альбом аӡыргара мҩаԥысит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы ԥхынгәы 15 рзы.

Презентация книги Дома с историей - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Аҭоурых аҿахәы зҳәо аҩнқәа: Саида Жьиԥҳа Sputnik аҿы лышәҟәы ӡырылгеит

Саида Жьиԥҳа лажәақәа рыла, ари ашәҟәы аԥҵара машәыршәа иҟамлеит. Ҵыԥх Ҭырқәтәыла даныҟаз Аԥсны ахаан иҟамыз аԥсуа бырг Аҳмеҭ Ашәымхәеи лареи еибадырит. Иара иҭоурыхтә ԥсадгьыл анхашьа-анҵышьа иазкыз азҵаарақәа лыҭо, амҳаџьырра ҟалаанӡа аԥсуаа рынхара-рынҵыра атәы уазҳәо акыр еиқәханы иҟоума ҳәагьы длазҵааит. Убри ашьҭахь ауп ларгьы аԥсуа ҩнқәеи акәасқьақәеи рҭагылазаашьеи рҭоурыхқәеи ҭылҵаарц ахшыҩҵак анлызцәырҵ. 

Шықәсыбжак иалагӡаны ашәҟәы автор еизылгеит аԥсуа шҭақәа 70 рфотосахьақәа, аха альбом иагәылалеит зыԥшәмацәа рҭоурыхи ианыргылаз арыцхәқәеи лзеилкааз 52 ҩны, егьырҭ аҩнқәа амаӡа шырхаԥаз иаанхеит, урҭ рыԥшәмацәа акыр шықәса раԥхьа рыԥсҭазаарақәа ирылҵит, рҭынхацәа азусҭцәоу ҳәа аӡәгьы дылзымԥшааит.

Альбом ҩуп аԥсышәала, урысшәала, ҭырқәшәала.

Аҽыбӷаҟазара

Аԥсны Аспорт азы аҳәынҭеилакы адырра ҟанаҵеит Аԥснынтәи аҽыҩ Вронски аиааира шагаз Краснодартәи аԥхьахә Ду (Дерби) азы асезон аҽырыҩра хада.

Аҽырыҩра мҩаԥысит ԥхынгәы 17 рзы Краснодартәи аҽырҩырҭаҿы. Аԥсуа ҽыҩ Вронски 2400 метра иҟаз аиԥхныҩлараҟны раԥхьа инеит. Аҽы аԥшәма - Ахра Ашәба, аҽыуаҩ - Џьубеи Аҩӡба, азыҟаҵаҩ д-Минџьиоуп.

Иара убас ари аиԥхныҩлараҟны ахԥатәи аҭыԥ агеит Ахра Ашәба иҽыҩ Сириус.

Ҩаԥхьа аԥсшьаҩцәа амашәырқәа рыхьит

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Гәдоуҭа, Бамбора аԥшаҳәаҿы аԥсшьаҩцәа амашәыр рыхьит. Хәҩык адуцәеи фбаҟа шықәса зхыҵуа ахәыҷи акатамаран иақәтәаны амшын ихылеит.

Волны на побережье Черного моря - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Аҷкәын қәыԥш Гәдоуҭа амшын аҿы аӡы иагоз аԥсшьаҩцәа еиқәирхеит

Ԥшьҩык заҵәык ззышьҭыхуа акатамаран аидара азымчҳазт, ишьшьан, аӡааҟәрылара иалагеит. Аԥсшьаҩцәа аҳәҳәара ианалага, урҭ рышьҭыбжь заҳаз 17 шықәса зхыҵуа Леон Барцыц асиорфинг азы аӷәы дақәтәаны рыцхрааразы дрызнеит. Ахәыҷи уи иани, иара убас рхатәы маҭәақәеи иманы аҟәарахьы анеира илшеит. Иаанхаз аԥсшьаҩцәа аҭыԥантәи ауааԥсыра гышьла инеины иалыргеит.

Даҽа машәырк ҟалеит Риҵаҟа узго амҩаҿы. Амашьына ласи автобуси еиҿаст ахәаша ԥхынгәы 16 рзы.

Риҵатәи амилаҭтә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа имоу адыррақәа рыла, амашьына аԥсҟы зкыз ишьапы ԥҵәеит, Аҟәатәи ахәшәтәырҭахь днагоуп, аекскурсиа амҩаԥгаҩ дхәахәеит, аԥсшьаҩцәа аӡәгьы ааха рмоуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0