Хьыбла Гьерзмааԥҳа раԥхьаӡа акәны Арена ди Верона аҿы Верди и-"Реквием" далахәын

© Foto / Министерство культуры АбхазииХьыбла Гьерзмааԥҳа раԥхьаӡа акәны Арена ди Верона аҿы Верди и-"Реквием" далахәын
Хьыбла Гьерзмааԥҳа раԥхьаӡа акәны Арена ди Верона аҿы Верди и-Реквием далахәын - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2021
Анапаҵаҩра
Арена-ди-Верона —антикатәи римтәи амфитеатруп, иара Верона иргылан ҳера алагамҭа 30-тәи ашықәс азы.

АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа раԥхьаӡа акәны Арена ди Верона аҿы дықәгылеит Верди и-"Реквием" далахәны. Абри атәы ашәаҳәаҩ илыҩуеит Instagram аҿтәи лаккаунт аҟны.

"Верди и-"Реквием" аҿы ашәа сҳәеит. Ари џьашьахәуп. Сыԥрындаз ҳәа сыҟоуп. Насыԥ сыманы схы збоит абрахь сааины ашәа сҳәартә аҭагылазаашьа ахьсымоу ", - лҳәоит Герзмааԥҳа.

Арена-ди-Верона —антикатәи римтәи амфитеатруп, Верона иргылан ҳера алагамҭа 30-тәи ашықәс азы. Ақалақь ашҭа хада агәҭа игылоуп. Иахьазы адунеи аҿы еицырдыруа концерттә ҭыԥуп. 2000 шықәсазы амфитеатр Адунеитә ҭынха абаҟақәа ирыҵадыркит.

© Foto / Министерство культуры АбхазииХьыбла Гьерзмааԥҳа раԥхьаӡа акәны Арена ди Верона аҿы Верди и-"Реквием" далахәын
Хьыбла Гьерзмааԥҳа раԥхьаӡа акәны Арена ди Верона аҿы Верди и-Реквием далахәын - Sputnik Аҧсны
1/3
Хьыбла Гьерзмааԥҳа раԥхьаӡа акәны Арена ди Верона аҿы Верди и-"Реквием" далахәын
© Foto / Министерство культуры АбхазииХьыбла Гьерзмааԥҳа раԥхьаӡа акәны Арена ди Верона аҿы Верди и-"Реквием" далахәын
Хьыбла Гьерзмааԥҳа раԥхьаӡа акәны Арена ди Верона аҿы Верди и-Реквием далахәын - Sputnik Аҧсны
2/3

3/3

Аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Герзмааԥҳа – адунеитә оператә сценаҟны инарылукааша шәаҳәаҩуп. Лара дықәгылахьеит адунеи иреиӷьӡоу аоператәи аконцерттәи сценақәа рҟны - Ла Скала, Ковент-Гарден, Метрополитен-опера, Бавартәии Римтәии атеатрқәа, Венатәи аопера асцена уҳәа рҟны. Аконцерттә программақәа лыманы адунеи атәылақәа жәпакы дырҭаахьеит.

Вручение государственных премий и золотых медалей Героя Труда РФ президентом РФ В. Путиным в Кремле - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Владимир Путин Хьыбла Гьерзмааԥҳа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә премиа лнапы иаиркит

Хьыбла Герзмааԥҳа – Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартистка, иланашьоуп аԥхьахәқәа "Триумф", "Casta Diva" аноминациа "Иреиӷьӡоу аоператә шәаҳәаҩы" аҟны, амилаҭтә театртә ԥхьахә "Ахьтәы сабрада" аноминациа "Иреиӷьӡоу аԥҳәыс лроль" аҟны, атеатртә ԥхьахә "Ахьы Орфеи" аноминациа "Иреиӷьӡоу ашәаҳәаҩ" аҟны.

Рашәара 12 азы Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа лнапы иаиркит аоператә шәаҳәаҩы, Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартистка, Станиславскии Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә музыкатә театр асолистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа аурыси адунеитәи оператә ҟазара арҿиараҿы иҟалҵаз алагалазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0