Аԥсны АҶА адырра ҟарҵоит ԥхынгәы 23 анаҩс амшқәа цәгьахоит ҳәа

CC0 / / Дождь
Дождь - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА рдыррақәа рыла, сынтәатәи аԥсшьара ҳааҭалазар аахыс жәаҩык аԥсшьаҩцәа аӡы иагахьеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik. Аԥсны АҶА ааԥхьара ҟарҵоит Аԥсны иқәынхои асасцәеи рахь, ԥхынгәы 23 инаркы Аԥсны иҟаларц зылшо амшцәгьақәа раан ахыхьчараз иақәнагоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәарц. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аусбарҭа аҟны ишазгәарҭаз ала, аҳауагәаҭаҩцәа иаарыцҳауеит, Аԥсны ашоурақәа рышьҭахь ԥхынгәы 22-23 рзы ақәаршҩы леиуеит, адыд-мацәыс ҟалоит, иара убас ҭыԥқәак рыҟны акырцх ауеит.

Инаҵшьны иазгәарҭуеит еиҳарак ргәы рҽшанырҵауа ашьхаҭыԥқәа рахь аԥсшьара згәы иҭоу аԥсшьаҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0