Аԥсны Урыстәыла иаҳәоит амаинерцәа русуразы афымцалашара аарышьҭразы

CC0 / / Криптоферма
Криптоферма  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны акриптовалиута арҳареи амаининг азы ахархәагақәа ралагалареи рзин ыҟам 2022 шықәса хәажәкыра 31 рҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны агәы иҭоуп амаинерцәа рзы афымцалашара аиураз Урыстәыла иаҳәарц ҳәа лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ажурналистцәа рзы абрифинг аҿы.

Стеллажи с фермами для майнинга криптовалют. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2021
Бжьаниа иҳәеит Аԥсны акриптовалиута аргама арҳаразы иҟоу аԥхьаҟатәи аԥеиԥш

Аминистр лажәақәа рыла, иазԥхьагәаҭахоит амаининг-хархәагақәа ахьықәыргылахо астанциа маҷқәа роушьҭратә лшара азԥхьагәаҭаны.

"Ахада инапынҵала абри азҵаара аӡбаразы имҩаԥгоуп урыстәылатәи аган алацәажәара. Иахьазы ҳара афымцалашара аиуразы аиқәшаҳаҭра апроект ақәшаҳаҭразы аусурақәа ҳарҿуп", - лҳәеит аминистр.

Озган лажәақәа рыла, Аслан Бжьаниа Урыстәыла аиҳабыра рыхьӡала ааԥхьара иҩит ареспублика афымцалашара азыҭира иахәаԥшырц Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи Аахыҵ Уаԥстәылеи ишырзынанашьҭуа аҟазшьала.

"Абас ала, Аԥсныҟа афымцалашара аашьҭра азинтә шьаҭа аҭара ҳаҿуп", - лҳәеит аминистр.

Абрифинг аҿы аминистр иазгәалҭеит иахьатәи аиҳабыра акритика шырзыруа амаининг азы ирыдыркылаз аӡбараз. Кристина Озган илҳәеит 2018 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны аиҳабыра аамҭала аԥкрақәа шаланагалаз амаининг азы, аха ахархәагақәа ралагалара азин шыԥнамкыз.

2020 шықәса цәыббрамзазы Аиҳабыра рықәҵара ҿыц ала атәыла иаларгалахьаз ахархәагақәа рлегализациа азгәарҭеит.

"Сара сгәаанагарала, ихадоу пунктны иҟоуп абри аусхк амҩаԥгаразы иҟоу амчхарақәа рхышәаҵышәа агәаҭара, уи иаҿырԥшны ахаҿқәа акриптовалиута арҳара азин рыҭара", - лҳәеит Озган.

Озган лажәақәа рыла, "Амшынеиқәафымцамч" амаинерцәа афымцамч рыҭаразы еиқәшаҳаҭрак анапы аҵанамҩит иахәҭаз атехникатә ҭагылазаашьақәа ахьадгаламыз азы.

Банкноты номиналом 2000 рублей. - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2021
Аԥсны афымцалашара закәаншьаҭада ахархәараз ахараԥса ҩ-миллионк иреиҳахеит

Аиҳабыра иара убасгьы иазԥхьагәарҭеит афымцалашара аашьҭра иахҟьаны даҽа техникатә проблемақәак цәырҵыр шалшо, усҟан амаинерцәа русура азин ҟарымҵар шыҟало. Ус иҟалеит 2020 шықәса ԥхынҷкәын азы Аԥсны Урыстәылантә афымцалашара аиуа ианалага. 2021 шықәсазы закәаншьаҭада афымцалашара аиуразы аҭакԥхықәра дырӷәӷәеит.

Аус зуа аԥсуа закәанԥҵара инақәыршәаны, закәаншьаҭада афымцалашара ахархәаразы административтә хараԥса рықәырҵоит атәылауаа, анаплакыҩцәа, аиуристтә хаҿқәа киловатт сааҭк азы иреиҵоу 20 уалафахәы рҟынӡа дыршәаны. Амаҵзурауаа – киловатт сааҭк азы иреиҵоу 1000 уалафахәы рҟынӡа дыршәаны (иреиҵоу ауалафахәы (МРОТ) 60 мааҭ артәоит – аред.)

Закәаншьаҭада афымцалашара мҽхакы ҭбаала ахархәаразы шықәсык инаркны хышықәсанӡа ақәҵара ҟалоит акриптовалиута аиуразы ахархәагақәагьы аконфискациа рзуны.

Ажәабжьқәа зегьы
0