Аекономика аминистр Аинвестпрограмма 2020-2022 шымҩаԥысуа атәы далацәажәеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМонета номиналом один рубль.
Монета номиналом один рубль. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны асоциал-економикатә цхырааразы Аинвестициатә программа 2020-2022 азеиԥш ԥаразоужьра 4 миллиард мааҭк артәоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны асоциал-економикатә цхырааразы Аинвестициатә программа 2020-2022 аҳәаақәа ирҭагӡоу 2021 шықәсазтәи аԥаразоужьра алимит 1 350 000 мааҭ ыҟоуп, лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

ЛЭП - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2021
Кристина Озган "Аҽгәара" аремонт аамҭа изахыгоу лҳәеит

Озган лажәақәа рыла арҭ аԥарақәа рҟынтәи ахархәара рырҭахьеит 226 миллион мааҭ. 2021 шықәсазы  44 уснагӡатә азыԥхьагәаҭоуп, урҭ рҟынтәи быжь-хыбрак егьырҭ ашықәсқәа рҟынтәи ииасыз роуп, 37 уснагӡатә аҳәынҭқарратә експертиза иахыгоуп, 35 хбра рганахь ала аҳәынҭқарратә еилаӡара еиҿкаауп, ҩба рзы аилаӡара анапаҵаҩразы ашәҟәқәа азырхиоуп.

"Апрограмма-2021 аус адулара ҳалагоит. Ҳақәгәыӷуеит ԥхьаҟа акы аиагара ҳақәшәарым ҳәа, избанзар Аиҳабырабжьаратә комиссиа аӡбрала, ацәынхақәа ыҟҟазар, нас урыстәылатәи аган аихшара азин амоуп", - лҳәеит аминистр.

Аминистр иазгәалҭеит аматериалқәа рыхәԥсақәа реиҭакра азҵаара ҵарны иқәгылоуп.

"Иныҭкаау анализ ҟаҳҵеит, Акапиталтә ргыларазы аусбарҭа рысметатә хәыԥса аиҭакраз аԥхьаӡарақәа мҩаԥнагеит. Урыстәылатәи аган азинмчра змоу аусбарҭақәеи ҳареи абжьгара еилацәажәарақәа мҩаԥаагеит. Иҟалоит аусурақәа рымҩаԥгараан аекспертизақәа еиҭамҩаԥгатәхар. Уи азыԥхьагәаҳҭоит избанзар аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟалаз ахәқәа рышьҭыҵра ахәԥса еиҭанакыр алшоит", - лҳәеит лара.

Озган Аинвестпрограммала зыргылара иаҿу обиектқәак рҟны аусурақәа шцо азы ахҳәаа ҟалҵеит. Аминистр лажәақәа рыла Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿ аусурақәа ахыркәшарахь инеиит.

Флаги Абхазии и России - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Аԥсни Урыстәылеи апрограмма-хықәкытә напхгараҭараҿы аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит

Кристина Озган илҳәеит авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аремонт азы аԥарақәа реихыԥсаҟьараан иаанхо Аԥсны газла аиқәыршәара асхема хада (2021-2022 шш.) аиҿкаарахь ииагахар ҟалоит.

""Газпроми"  Миненергои  рахь аҳәара ҟаҳҵеит азинмчра змоу аусбарҭақәа алыркаарц атехникатә дҵа анапаҵаҩразы", - лҳәеит лара.

Аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит аҳаирбаӷәаза аԥаразоужьра ахыҵхырҭа ашьақәыргыларазы ҳәа азгәалҭеит аминистр.

"Сынтәа апроект-сметатә шәҟәқәа аиқәыршәаразы аилаӡара ҳадаҳкыларц иҳалшо зегь ҟаҳҵеит. Еиҿкаауп Минтранси Росавиациеи злахәу аусутә гәыԥ. Амҩатә хсаалага еиқәыршәоуп. Уа иарбоуп ихымԥадатәиу аусқәеи аҿҳәарақәеи, аусуразы аҭакԥхықәра здуи", - лҳәеит лара.

Озган лажәақәа рыла аус адулара мҩаԥысуеит Аинвестициатә программа- 2023-2025 аиҿкаашьа, альготатә кредитҭара апрограмма аиҭахацыркра. Аминистр илҳәеит дшақәгәыӷуа ашықәс анҵәамҭазы иалкаау ахырхарҭақәеи урҭ рынагӡашьеи шьақәыргылахап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0