Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ақәаршыҩцарҭақәа рышьҭаҵара иалагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПодготовительные работы
Подготовительные работы - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи амҩақәа хԥа рҿы Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргараны иҟоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа, Абазақәа рымҩаҿы иалагеит ақәаршыҩцарҭақәа рышьҭаҵара ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақалақь ахадара анхарҭа-коммуналтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.

Водосток в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2021
Аҟәатәи амҩақәа хԥа рҿы ақәаршыҩцарҭақәа ашықәс актәи азыбжазы ирыԥсахуеит

"Аинвестпрограмма ала ақәаршыҩцарҭатә цәаҳәақәа раахәаразы аԥара азоужьын. Иахьа актәи апартиа аашьҭуп, ахаша ма аԥшьаша иаанхаз атауар ҳазыԥшуп. Абазақәа рымҩаҿы аҽазыҟаҵаратә усурақәа ирылагеит", - иҳәеит иара.

Ареспубликахь иззыԥшу егьырҭ ашәырақәа шааргалак Џьонуеи Гәлиеи рымҩақәа рҿгьы аусурақәа ирылагоит иҳәеит Руслан Аҩӡба.

"Ишалшо ала ирццакны аусурақәа мҩаԥаагоит. Бжьаратәла мызкаҟара ҳадхалоит.Иаҳҭаху амаругақәа Урыстәыла иҿаҳҵеит, избанзар дара иҷыдоу аилазаара рымазароуп", - иҳәеит иара.

2020 шықәса цәыббрамзазы ирылаган арҭ ахымҩак рҿы акоммуникациатә ҳақәеи аӡымҩангагақәеи рышьҭаҵара. Аусурақәа ҩ-етапкны еихшан: ӡыла аиқәыршәареи аӡымҩахгареи, амҩа акаҭран ақәҵара.

© Sputnik / Томас ТхайцукПодготовительные работы
Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ақәаршыҩцарҭақәа рышьҭаҵара иалагоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2021
Подготовительные работы

Аусурақәа рзы ахарџь иартәоит: Џьонуа- 61 миллион мааҭ, Абазақәа рымҩаз – 35 миллион мааҭ, Гәлиа имҩаз– 42 миллион мааҭ. Џьонуа имҩа  1250 метра иҟоуп, Абазақәа рымҩа - 550 метра, Гәлиа имҩа –1340 метра.

Уаанӡа Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Демир Гамисониа Sputnik иазеиҭеиҳәеит арҭ амҩақәа акаҭран рықәҵахоит 2021 шықәса цәыббрамзазы ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0