Жәлар Реизара адепутатцәа ахада иабжьыргеит COVID азы аԥкырацҵақәа алеигаларц

© Sputnik Заседание
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 26 азы адепутатцәа изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥыргеит ҩ-зҵаарак рыӡбаразы: COVID аҿагылараразы иҟаҵатәу ауснагӡатәқәеи, афымцамч зҭагылоу ауадаҩрақәеи рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент адепутатцәа атәыла ахада иабжьыргеит COVID-19 аламырҵәаразы аԥкырацҵақәа алеигаларц. Абри азы асессиа аилатәараҿы адепутатцәа ақәҵара рыдыркылеит .

Апарламент ақәҵара иазԥхьагәанаҭоит:

  • Аԥсны аҵакыра иахьаҵанакуа асабрадақәа рхаҵара ахылаԥшра аҭара;
  • Ауаажәларратә транспорт аныҟәара аанкылара ахыхьчаратә хархәагақәеи асоциалтә дистанциеи  ианрықәымныҟәо, иара убасгьы ауаажәларратә транспорт есҽны арзҩыдара амҩаԥгара;
  • Аԥсны иахьаҵанакуа ачаратә, акультуратә, абаҩырҵәыратә, аспорттә, агәмырҿыӷьгатә, ацәыргақәҵатә уҳәа амассатә уснагӡатәқәа иарку реиԥш иаарту аҭыԥқәа рҿы амҩаԥгара азин аҟамҵара;
  • Акоронавирустә инфекциа ҿыц аҟынтә ахәышәтәра иалахәу амедусзуҩцәа рулафахәи ршәарацҵеи ианаамҭо рыҭара ахылаԥшра азура;
  • Акоронавирустә инфекциа адиагностиказы алабораториақәа рылшарақәа реиҿкаара;
  • Ахәаахәҭра, амаҵзура, асасдкылара (асасааирҭақәа, аԥсшьарҭаҩнқәа) аобиектқәа русура асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа ахылаԥшра, атуристцәа раангыларҭа ҭыԥ ахь инеиуа ршоурашәара амҩаԥгара;
  • Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи АИХқәеи ауааԥсыра аинформациа рыҭара (асоциалтә ӡыргара) Covid-19 аламырҵәашьазы, иара убасгьы ачымазара раԥхьатәи аҟазшьақәа рцәырҵраан ахымҩаԥгашьазы;
  • Агәабзиарахьчара аминистрра аепидмаҵзуреи аганахь ала ахылаԥшра рыӷәӷәазарц ауаажәларратә ҭыԥқәа-ақьафурҭақәеи, акаҳуажәырҭақәа, акрыфарҭақәа уҳәа егьырҭ ахыбрақәа, аепидемиологиатә уснагӡатә ҿыцқәа шынарыгӡо азы.
  • Аԥсны акоронавирус ахәышәтәраз зыда ԥсыхәа ыҟам ахәшәқәеи алаҵеи раахәара мҩаԥгазарц;
  • Ашколқәранӡатәи аусҳәарҭақәа русура аанкылазарц;
  • Аҳәынҭқарратә напхгараҭара, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа рнапы ианҵазарц 60 шықәса ирҭысхьоу аусуҩцәеи, ашколқәраҟынӡа иҟоу ахәыҷқәа змоуи рмаҵзурақәа рҟынтә рулафахәы еиқәырханы рхы иақәиҭтәызарц;
  • Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа рнапы ианҵазарц 60 шықәса ирҭысхьоу аусуҩцәеи ашколқәраҟынӡа иҟоу ахәыҷқәа змоуи рмаҵзурақәа рҟынтә рулафахәы еиқәырханы рхы иақәиҭтәызарц;
  • Акультуратә усҳәарҭақәа (атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, акультура аханқәа, аконцерттәии ацәыргақәҵатәи залқәа) русура аанкылазарц.

Адокумент иазыԥхьагәанаҭоит аԥыза-министр акоронавирус аламырҵәаразы Акоординациатә штаб аусуразы аинформациа мҩаԥигаларц.

Адепутат Валери Агрба игәаанагара иҳәеит аҽа пунктк алагалазарц – Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иахысуа ршоурашәара мҩаԥыргаларц, атәыла иалало ПЦР-тестқәа рымазаара гәаҭалазарц. Депутатцәақәак ари иақәшаҳаҭхеит.

Адепутат Лаша Ашәба иҳәеит адокумент аԥхьанатәтә атекст аԥсахрақәа алагалахар, Урыстәыла атәылауаа рзы ПЦР-тестқәа хымԥадатәны иҟарҵар, Урыстәылагь уи аҭакс ҳтәылауаа аҳәаа ианахысуа атестқәа рымазаара аҭахны иашьар шауа.

Абри апункт азы абжьыҭараан иара иахәҭаз абжьы амоуит.

Ԥхынгәы 5 аахыс Аԥсны азин ыҟам иарку ахыбрақәа рыҩныҵҟа ачарақәа, агәырӷьаратәи аныҳәатәи уснагӡатәқәа, аԥсхәрақәа рымҩаԥгара. Ԥхынгәы 12 аахыс акультуратә усҳәарҭақәа аус руам.

Ажәабжьқәа зегьы
0