Иреиҳаӡоу аӡбарҭа хҩык ауаа рышьразы аус ахәаԥшра ҩымчыбжь иахнагеит

© Sputnik / Сария КварацхелияЗдание Верховного суда Абхазии, 19 сентября 2019
Здание Верховного суда Абхазии, 19 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2021
Анапаҵаҩра
2019 шықәса абҵарамзазы Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз ацәгьоура иалахәуп ҳәа ишьоуп Ерик Ҷкадуеи, Беслан Бганбеи, аишьцәа Даҭо Ахалаиеи, Демур Ахалаиеи, Аслан Блаббеи.

АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа хҩык ауаа рышьразы аус ахәаԥшра ҩымчыбжь, нанҳәа 9 ахь иахнагеит.

Аҿҳәара ахгара ахҟьеит Демур Ахалаиа идукат дахьиԥсахыз. Уажәшьҭарнахыс иинтересқәа лыхьчалоит Мазона Ҵәыџьԥҳа.

Суд по делу об убийстве на набережной - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2021
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз хынтәтәи ауаҩшьразы аус ахәаԥшра иацырҵоит

Адукат ҿыц аус аматериалқәа рыҭҵааразы  20-мшы даҳәеит аха аӡбаҩцәа ҩымчыбжь азхоны ирыԥхьаӡеит.

2019 шықәса абҵара 22 асааҭ 14:43 рзы Аҟәатәи аресторан "Сан-Ремо" аҿаԥхьа асабрадақәа зҿаз хҩык ауаа ахысра иалагеит. Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыԥсҭазаара иалҵит. Урҭ рынахысгьы, ԥхынҷкәын 3 азы ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит ахәра зауыз ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа. Даҽа ҩыџьа ахәрақәа роуит.

2019 шықәса абҵара 22 азы акриминал алахәылацәа Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба, ақьафурҭа ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳаи рышьреи Русҭам Шамбеи Шамил Аҩӡбеи рышьразы аҽазышәареи рхараҵоуп ацәгьоуцәа ргәыԥ аиҿкааҩцәа Ерик Ҷкадуеи, Беслан Бганбеи, агәыԥ алахәылацәа Даҭо Ахалаиеи, Демур Ахалаиеи, Аслан Блаббеи.

Иара убасгьы ацәгьоуцәа закәаншьаҭада абџьар ахархәареи, атәым мазара хықәкыла ааха аҭареи рзы ахара рхарарҵоит.

2019 шықәса ԥхынҷкәын 2 азы Апарламент аҿы абжьыҭира ашьҭахь рмаҵурақәа ирымххеит апрокурор хада Зураб Ачба, ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Какалиа, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба, ихаҭыԥуаҩ Казбек Кишмахов.

Ажәабжьқәа зегьы
0