Аԥсны Казань имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аекономикатә саммит иалахәхоит

© Sputnik / Максим БогодвидКазанский кремль – древнейшая часть города Казани, объект Всемирного наследия ЮНЕСКО. Кремль неоднократно перестраивался. Современный архитектурный ансамбль сложился к концу XIX века
Казанский кремль – древнейшая часть города Казани, объект Всемирного наследия ЮНЕСКО. Кремль неоднократно перестраивался. Современный архитектурный ансамбль сложился к концу XIX века - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2021
Анапаҵаҩра
Иахьа Казань иаатуеит Жәларбжьаратәи аекономикатә саммит KazanSummit 2021.

АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Ҳышбеи Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи ХII Жәларбжьаратәи аекономикатә саммит "Россия - Исламский мир: KazanSummit 2021" иалахәхоит. Асаммит мҩаԥысуеит ԥхынгәы 28-30, Казань ақалақь аҿы ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Сынтәа асаммит иалахәхоит 60 тәыла рҟынтәи 5 000-ҩык рҟынӡа.

2020 шықәсазы асаммит "Россия – Исламский мир: KazanSummit" акоронавирустә пандемиа иахҟьаны ирзымҩаԥымгеит. Сынтәа KazanSummit алатәара-алатәарадатә формат ала имҩаԥысуеит.

Урыстәылеи аԥсылман усеицура Аиҿкаареи Жәларбжьаратәи рекономикатә саммит раԥхьаӡа акәны Казань 2009 гшықәсазы имҩаԥысит. KazanSummit амҩаԥгара адгылара арҭоит Урыстәыла Афедерациа ахеилаки Ҭаҭарсҭан аиҳабыреи Урыстәылеи аԥсылман усеицура Аиҿкаареи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, асоциалтә, акультуратә еимадарақәа рырӷәӷәаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0