Ԥсҳәы ақыҭахь анеира ԥкуп COVID-19 иахҟьаны

© Sputnik / Томас ТхайцукОсвещение Храма Иоанна Крестителя в с.Псху
Освещение Храма Иоанна Крестителя в с.Псху - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2021
Анапаҵаҩра
Амедицина аусзуҩцәа ргәыԥ ԥхынгәы 29 рзы Ԥсҳәыҟа ихалеит ауааԥсыра ПЦР-тестқәа рзуразы.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ԥсҳәыҟа ахалараз аԥкрақәа аларгалеит ақыҭаҿ акоронавирус чымазара аӡәык-ҩыџьак ианрыдырбала ашьҭахь, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.

"Ақыҭа иатәым ауаа арахь рхалара ԥкуп, ачымазараҿкы аҟазшьақәа зхы иадызбалаз ауааԥсыра ыҟоуп", - иҳәеит  Ҷыҭанаа.

Иара ишиҳәо ала, аԥырра амш иахьрынамҭоз иахҟьаны ианаамҭаз амедицина аусзуҩцәа ПЦР-атест аҟаҵаразы изымнеит.

"Аинформациа шҳауҵәҟьаз  ареспублика Аҳәаахьчаратә усбарҭақәа сыҽрымаздеит, аԥыза-министр адырра исҭеит. Хәымш рыҩнуҵҟа аҳаирплан ԥыруа иҟамызт. Амш шааилгаз, иацы  аҳақьымцәа ргәыԥ ԥырит  атест агаразы", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2021
Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь аҟны аҿкы змоу рзы даҽа ҟәшак аартхоит

Аҳақьымцәа 150 тест аҟаҵара ргәы иҭан аха ауааԥсыра реиҳараҩык мап ацәыркит. COVID-19 аҟазшьақәа здырбалаз фҩык ПЦР-тест рзыҟарҵеит.

Анализқәа рҭак уаха ма уаҵәы ашьыжь еилкаахоит. Аха аԥкрақәа раԥыхра макьана изаауп.

"Асанитартә маҵзуреи араионтә поликлиника аҳақьым хадеи ирҳәо саҳароуп. Аԥхынра уахь ауаа рацәа халоит. Анцәа иумҳәан ачымазара иамҽханакыр аҭыԥ ақәҵара ҳцәыуадаҩхоит. Убри азы макьана исцәыуадаҩуп Асанитартә маҵзуреи араионтә поликлиника аҳақьым хадеи исабжьырго аҳәара", - иҳәеит Алхас Ҷыҭанаа.

Аҟәа араион ахада иажәақәа рыла уажәазы COVID-19 змоу ҳәа агәаанагара ззыҟоу рҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп. Дара иахәҭоу ахәшәтәра рзымҩаԥыргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0