Бжьаниеи Новаки афымцамчи Аԥсны газла аиқәыршәареи рызҵаарақәа ирылацәажәеит

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москваҟа дцеит ԥхынгәы 28 азы.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки еиԥылеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аслан Бжания встретился с Дмитрием Козаком  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2021
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Дмитри Козаки Москва еиԥылеит

Аиԥылараҿы ирылацәажәан атәыла фымцамчла аиқәыршәара арманшәалареи Аԥсны газла аиқәыршәареи рызҵаарақәа.

Аиԥылара иалахәын Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ и.н. Валери Папба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Москва еиԥылеит ԥхынгәы 29 рзы. Иара убасгьы аусутә ныҟәара аҳәаақәа иҭагӡаны Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа аҳәаанырцәтәи атәылақәа акультура аганахьала аусеицуразы аусбарҭа аиҳабы Игор Масловиа еиԥылеит, асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0