Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны

Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 31 рзы хәышықәса ҵит иԥсҭазаара далҵижьҭеи Фазиль Искандер, уи игәалашәара аҳаҭыраз иара иуаҩышьа зеиԥшраз, иҩызцәа дшырзыҟаз, абаҩхатәра злаз дышрыдгылоз атәы шәыднагалоит Sputnik.

Sputnik

Фазиль Искандер аԥсуаа мацара дыртәымызт, иара адунеи уаажәларра, аиҳаракгьы аурыс дунеи дахәҭакын. Абас ихцәажәоит илитература ззаигәаз, ихыԥша еилызкаауаз ауаа.

Фазиль Искандер дуаҩы аамысҭашәан. Асеиԥш иҟоу ауаҩы иааигәа уаныҟоу уаргьы ууаҩы цқьахоит, иҳәоит ашәҟәыҩҩы иҩыза, илитературатә агент Руслан Џьапуа.

"30 шықәса инарзынаԥшуа ҳаиҿцаауан. Аԥхьа ҩызак иаҳасабала сицыҟан, нас литературатә агентк иаҳасабала аус ицызуан. Абарҭ аамҭақәа рзы ииҩыз зегьы снапы иҵызгон, ашәҟәҭыжьырҭақәеи ҳареи ҳабжьара аиқәшаҳаҭрақәа еиқәсыршәон", — иҳәоит Џьапуа.

"Иҟоуп ауаа адәны аҽырԥшӡара бзиа избо, аҩны зынӡа аҽакала зхы мҩаԥызго. Фазиль аҩнгьы, адәынгьы даамысҭашәан, иажәа раӡан. Абри атәы рҳәоит иҩызцәа зегьы. Белла Ахмадулина изныкымкәа илҳәахьан Фазиль иакәымзар егьаџьара ҳшәыргәынданы ҳхы мҩаԥаҳгарын ҳәа. Иара ихы шымҩаԥигоз инақәыршәаны ҳаргьы ҳхы мҩаԥаҳамгар ҳацәыԥхашьон. Аиҳаракгьы арепрессиатә аамҭақәа анҳақәыӷәӷәоз", — иҳәоит Џьапуа.

Иара иазгәеиҭеит Фазиль иҩызцәа рырҿиамҭақәа дшырзыҟаз.

"Иара ахаангьы абзарӡы аҳәаракәын дзызҟазаз. Иаԥсам ҳәа иишьоз шәҟәык "уаԥхьахьоума, ишԥоубои?" ҳәа ианиазҵаалак "сахьымӡац аԥхьара" иҳәон", - еиҭеиҳәоит Руслан Џьапуа.

"Фазиль 87 шықәса ниҵит. Иҭаацәара дууп – аԥхьаҩцәа рҭаацәароуп. Ҳагәқәа рҟны ишьҭа аанижьит, анырра ду ҳаиҭеит. Ҳҩыза Станислав Лакоба ишиҳәо ала, Фазиль Аԥсназы дҭоурыхҩҩуп".

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт.

© Sputnik / Игорь Михалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФазиль Искандер
Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2021
Фазиль Искандер

Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс.

1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

Искандер иҩымҭақәа ирылхны иҭыхын абарҭ афильмқәа: "Воры в законе", "Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным", "Маленький гигант большого секса".

Фазиль Искандер ианашьан аорденқәа "За заслуги перед Отечеством" III (1999), II (2004), IV (2009) аҩаӡарақәа, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара, Аԥсны (2002).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0