Sputnik амчыбжь: аӡхыҵра, COVID-19 иаҿагылан ақәԥара, Бжьаниа Москваҟа ицара

© Foto / МЧС РАЗатопленные дороги и дома в Абхазии
Затопленные дороги и дома  в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақәаршҩы ӷәӷәа леит, ауааԥсыра аԥхасҭа рнаҭеит, ишыуадаҩыц иаанхоит COVID-19 аҭагылазаашьа, Апарламент адепутатцәа аԥкрақәа ралагаларазы абжьгара ҟарҵоит, Аслан Бжьаниа Москва дыҟоуп. Абарҭи егьырҭи ахҭысқәа ирызкуп Sputnik Аԥсны есымчыбжьатәи ахҳәаа.
Sputnik

COVID-19 аҿагылара

Атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Ԥхынгәы 31 рызтәи адыррақәа рыла, Аԥсны аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 22083-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 17806-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 307-ҩык.
Аԥсны Апарламент адепутатцәа атәыла ахада иабжьыргеит COVID-19 аламырҵәаразы аԥкырацҵақәа алеигаларц. Абри азы асессиа аилатәараҿы адепутатцәа ақәҵара рыдыркылеит.
Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2021
Сабрадада апассаџьырцәа мҩанызго ауаажәларратә транспорт ааныркыло иалагеит
Апарламент ақәҵара иазԥхьагәанаҭоит: Аԥсны аҵакыра иахьаҵанакуа асабрадақәа рхаҵара ахылаԥшра аҭара; Ауаажәларратә транспорт аныҟәара аанкылара ахыхьчаратә хархәагақәеи асоциалтә дистанциеи ианрықәымныҟәо, иара убасгьы ауаажәларратә транспорт есҽны арзҩыдара амҩаԥгара уҳәа егьырҭгьы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москваҟа дцеит ԥхынгәы 28 рзы. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Москва еиԥылеит ԥхынгәы 29 рзы. Аиԥылараҿы аганқәа ирылацәажәеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа еиуеиԥшым рызҵаарақәа, Аԥсны акоронавирустә инфекциа аҿагылараҿы ацхыраареи, ачымазараҿкы хызҽуа алаҵа аҩбатәи апартиа аагареи, иара убас амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхразы ацхыраара аҟаҵареи, Аинвестициатә программа апроектқәа рынагӡареи.
Аҟәа ақалақь ахадара Аԥсны ААИ адҵа рырҭеит асабрада зҿам апассаџьырцәа мҩанызго ауаажәларратә транспорт ааныркыларц ҳәа Аԥсуа телехәаԥшраҿы иҳәеит ақалақь ахада Беслан Ешба.
"Ааигәа инарҭбаау аилацәажәара ҳаман, аоперативтә штаб аилатәара мҩаԥаагеит аџьармыкьа ду, атранспорттә наплакқәа, амаҭәатә џьармыкьа рнапхгаҩцәа алархәны. Иазгәаҳҭеит ауаажәларратә транспорт иҭало ауаа асабрадақәа рҿазарц", - иҳәеит иара.
Бжьаниеи Новаки афымцамчи Аԥсны газла аиқәыршәареи рызҵаарақәа ирылацәажәеит
Жәлар Реизара адепутатцәа ахада иабжьыргеит COVID азы аԥкырацҵақәа алеигаларц

Аӡхыҵрақәа

Ԥхынгәы 26-27 ауха Аԥсны ақәа ӷәӷәа леит, ашьхарахь аӡқәа хыҵит, аԥшацәгьа асуан. Амшцәгьа аиҳарак иаҵанакит Гәдоуҭа ақалақьи Гәдоуҭа араиони ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Сезонное отключение воды в Великом Новгороде - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2021
Ешба аӡхыҵра иахҟьаны аԥхасҭа зауз ауаа ӡыржәтәла реиқәыршәаразы адҵа ҟаиҵеит
Аӡиасқәа ҩ-метрак еиҳаны иахьышьҭыҵыз ыҟоуп. Гәдоуҭа араион аҿы мацара 350 ҩны аӡы рыҵалеит. Уажәы уа аԥхасҭа ахәшьара ҟазҵо акомиссиа аусура иаҿуп.
Кьалашәыр аҩадатәи ахәҭаҿы аҩнқәеи амҩақәеи аӡы рықәлеит, ааигәа ишьҭарҵаз аӡымҩангага аӡы иагеит. Уи иахҟьаны арахьынтә аӡы зауаз ауаа ӡыда иаанхеит. Аҟәа ахада Беслан Ешба адҵа ҟаиҵеит машьынала аӡыржәтә рызнаргаларц.
Ақыҭанхамҩа аминистрра адыррала Кындыӷ ақыҭаҿ аԥхасҭа роуит акарпыжә аазрыхуаз анхацәа. 12 гектар аџьықәреи аӡы иқәнаӡәӡәааит.
Гәдоуҭа ахада еиҭеиҳәеит амшцәгьа иахҟьаны араион иаиуз аԥхасҭа атәы

Аԥышәарақәа рыркьаҿра

Атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьыуадаҩу иахҟьаны аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи рзы аиҭаҳәа аҩра ихадарам азанааҭқәа рҿы иаԥыхын.
Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2021
ААУ аҟны аԥышәарақәа дыркьаҿит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны
"Афакультетқәа, зыҟны аурыс ма аԥсуа бызшәа азанааҭ маҭәарны иахьыҟам ахԥатәи аԥышәараан аиҭаҳәа рыҩуан. Уи лкаа ҟанаҵом ареитинг азы абиуџьеттә ҭыԥқәа рҿы", - ҳәа лҳәеит ААУ адкыларатә комиссиа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Инга Арӡынԥҳа.
Сынтәа Аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1975-ҩык, Аԥснытәи аҳәынҭқарартә университет ахь рдокументқәа наргеит 638 абитуриентцәа, - лҳәеит Инга Арӡынԥҳа.
Еиҳарак адокументқәа нашьҭын абарҭ ахырхарҭақәа рахь: "аекономика" (аурыс сектор), "азиндырра", "ахархәаратә математика", "аҭоурых" (аурыс сектор), "жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа".

Ахәыҷы иеиқәырхаразы

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Габриель Пацуриа изы аԥареизгара хацнаркит.
Ахәыҷы аамзы анихыҵуаз агенетикатә чмазара идырбалеит – абӷа-жьышә лыԥсаара. Есыҽны ичымазара аҽарӷәӷәоит – ишьапқәа кәадахоит, иԥсыԥлагаҩагареи илбаадареи уадаҩхоит.
Габриэль Пацурия - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2021
Иԥсеиқәырхагоу агәыр: "Ашана" Габриель Пацуриа ихәышәтәразы аԥареизгара иалагеит
Ахәыҷы иеиқәырхараз иаҭахуп агәыр "Золгенсма". Иара ҩышықәса ихыҵаанӡа изыҟаҵатәуп, икапан 13 кьыла еиҳахаанӡа. Габриель шықәсыки бжаки ихыҵхьеит, 11 кьыла дыҟоуп. Убри азы ацхыраара хымԥадатәиуп.
"Золгенсма" Гиннес ирекордқәа рышәҟәы иануп адунеи аҿы реиҳа зыхә дуу ахәшә ҳәа. 160 миллион мааҭ иаԥсоуп. Аҭаацәа 13 миллион мааҭ еизыргахьеит.
Еизгахо аԥара афонд "География добра" иахыԥхьаӡалахоит ахәшә аахәаразы.
Ахәыҷы ацхыраара иҭашьа аилкаара алшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы, ма иан Instagram лдаҟьаҟны.

Аҭоурыхтә парк аадыртит

Ԥхынгәы 27 рзы Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан иаатит аԥсуа инхашьа-инҵышьа, иԥсҭазаашьа атәы аазырԥшуа амилаҭтә парк "Аԥсны".
Акәасқьа, аԥацха, амҳара: Мгәыӡырхәатәи амилаҭтә парк амаӡақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2021
Акәасқьа, аԥацха, амҳара: Мгәыӡырхәатәи амилаҭтә парк амаӡақәа
Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан иаарту аетнографиатә парк аҵакырадгьыл аа-гектарк рҟынӡа инаӡоит. Аҭааҩцәа ирбарц рылшоит ажәытәан аԥсуаа рынхашьа-рынҵышьа зеиԥшраз, иахьынхоз рыҩнқәа шеиҿкааз, рхы иадырхәоз амаҭәарқәеи аҩнымаҭәеи, афатә ахьыҟарҵоз.
Апарк аҵакырадгьыл аҟны иҭагылоуп аԥацха, амҳара, акәасқьа, ажьирҭа. Ара аекскурсиақәа мҩаԥыргоит.
Акәасқьа актәи аихагылаҿы иаартуп ацәыргақәҵатә зал.
Уажәазы уа ицәыргақәҵоуп XVIII - ХХ ашәышықәсақәа ирыҵаркуа аԥсуаа рфотосахьақәа. Апарк агәҭаны административтә центр гылоуп ашәышықәсабжьаратә бааш асахьа аҭаны. Уи аҩнуҵҟа иҟалоит аофистә уадақәа, ахәаахәҭратә центр, аконференц-залқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0