Ҩ-шәышықәсак рнаҩс: амчыбжь анҵәамҭаз Аԥсныҟа иааргоит аԥсуа еибашьыга шхәа

© Foto / предоставила Елена ЛабахуаИспытания абхазскои галеры времен Ахмудбея
Испытания абхазскои галеры времен Ахмудбея  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.08.2021
Анапаҵаҩра
Архивтә сахьақәа рыла еиҭашьақәыргылоу аԥсуа еибашьыга шхәа Петрозаводск иҟарҵеит аетнопарк "Аԥсны" аҿаҵала. Иара аӡиа Риҵа ихырҵоит.
АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсуа еибашьыга шхәа ареплика ареспубликахь иааргараны иҟоуп амчыбжь анҵәамҭаз ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит асахьаҭыхыҩ, аӷба ачертиож автор Баҭал Џьапуа.
"Арныҟәаратә ԥышәарақәа ҳара ҳнеиаанӡа имҩаԥган. Петрозаводск ҳаннеи, ҳаргьы иԥаҳшәеит амотор ала, аԥрақәа рыла, ажәҩақәа рыла. Ақәгьежьаара, ахынаара зеиԥшроу гәаҳҭеит. Зегь ҳгәаԥхеит", - иҳәеит иара, иагьациҵеит аԥсуа традициатә шхәақәа ҩышә шықәса раԥхьа ишаныӡааз.
Џьапуа иҳәеит ашхәақәа Онегатәи аӡиаҿгьы ишгәаҭаз. Ара иҟоу аӷбаргыларҭа "Варяг" СССР ашьҭахьтәи аамҭаз амҿы иалхны аӷба ахьыҟарҵо ада ҭыԥ ыҟам. Ашхәа аура 14,5 метра иҟоуп, аҭбаара - 2,5 метра. Ажәҩақәа 14 амоуп. Карелиатәи аԥсаӡи аџьи ирылхуп. Сааҭк ала аццакра 12-14 километра инаӡоит. 50-ҩык ауаа акуеит.
Ашхәаргылараан ачертиож аԥсахрақәа алаагалеит. Аԥсуа шхәақәа роура 17 метра иҟан, аха нас амҩангаразы аура иагҳархеит.
Асахьаҭыхыҩ ишиҳәо ала, арҭ ашхәақәа реиԥш змаз аԥсуааи адыгақәеи ракәын. Дара рыхкқәа рацәан. Иҟан 200-300-ҩык шьҭызхуаз.
Ашхәа Аԥсныҟа амҩа иқәыргалахьеит. Аҩаша, иара мҩанызго Баҭал Џьапуа, аклуб "Афырхы" ахантәаҩы Адгәыр Какоба, аетнопарк "Аԥсны" апроект автор Мзауҷ Ԥлиа ирыгәҭакуп Маиҟәаԥ идгыларц. Аԥсныҟа аԥшьашаҽны иаагахоит.
© Foto / предоставила Елена ЛабахуаҨ-шәышықәсак рнаҩс: амчыбжь анҵәамҭаз Аԥсныҟа иааргоит аԥсуа еибашьыга шхәа
Испытания абхазскои галеры времен Ахмудбея  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Ҩ-шәышықәсак рнаҩс: амчыбжь анҵәамҭаз Аԥсныҟа иааргоит аԥсуа еибашьыга шхәа
"Аӡиа Риҵа ихҵахоит. Атәыла анапхгара ари азы Сталин идачаҿ аӷбакыдгыларҭа аздырхиеит. Аекскурсиақәа мҩаԥгалахоит. Иҟалоит акиноқәа рҭыхраан ахархәара. Иҟауҵаша рацәоуп", - иҳәеит Џьапуа.
Ашхәа ахархәара иалагаанӡа акоманда еиҿкааны акаԥдан даҭатәуп.
Аԥсуа еибашьыга шхәа ачертиожқәа Баҭал Џьапуа иҟаиҵеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рархивтә сахьақәа рыла, аетнографцәа рыҭҵаарақәа рыла. Иазԥхьагәаҭоуп даҽа шхәакгьы аргылара.
Ажәабжьқәа зегьы
0