Ԥхынгәымзазы аҳазалхратә еизгақәа рыплан 200% рыла инагӡоуп

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМонета номиналом 1 рубль и банкноты номиналом 2000 рублей и 5000 рублей.
Монета номиналом 1 рубль и банкноты номиналом 2000 рублей и 5000 рублей. - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2021
Анапаҵаҩра
Аҳазалхратә шәарақәа рахыԥхьаӡаларазы ажьырныҳәамза инаркны ԥхынгәымзанӡа аплан 134% инагӡоуп.
АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. 2021 шықәса ԥхынгәымзазы аҳазалхратә усбарҭақәа Аԥсны абиуџьет иаларгалеит 247,2 миллион мааҭ, планла 128,7 миллион мааҭ ахьазԥхьагәаҭаз. Аплантә рбага 192% инагӡоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы асаит.
Бжьымз ирылагӡаны, 2021 шықәса нанҳәа 1 азтәи арбагақәа рыла аҳазалхратә еизгақәа ишьақәдыртәеит миллиардки 430,0 миллион мааҭ.
Ажьырныҳәа-ԥхынгәы азтәи аплантә рбагақәа миллиардки 67,2 миллион мааҭи итәеит.
2020 шықәса абри аамҭазтәи ашәарақәа еидукылозар, 492,0 миллион мааҭ рыла еиҳауп, 2019 шықәса иадукылозар – 448 миллион рыла еиҳауп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
 
Ажәабжьқәа зегьы
0