Атуроператорцәа нанҳәамзазы Шәача аԥсшьаҩцәа еиҵахоит ҳәа азгәарҭоит

© Sputnik / Artur Lebedev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСотрудница санатория "Знание" в Сочи готовит номер к приему гостей
Сотрудница санатория Знание в Сочи готовит номер к приему гостей - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 1 инаркны Краснодартәи атәылаҿацә аҿы асасааирҭақәа рыҩналаразы аусура иалагеит акоронавирус аламырҵәаразы иалагалаз аԥкра ҿыцқәа.
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Атуроператорцәа нанҳәамзазы Шәача аԥсшьаҩцәа еиҵахоит ҳәа азгәарҭоит нанҳәа 1 инаркны Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аусура иалагаз аԥкра ҿыцқәа инарыдҳәаланы. Абри атәы аҩуеит RATA news.
Нанҳәа 1 аҟынӡа иазхоны иҟан ПЦР-тест амазаара. Уажәшьҭарнахыс алаҵа шыҟаҵоу, ма уи аҟаҵара шзалымшо азы аршаҳаҭга аҭахуп.
Атурист арҭ адокументқәа имамзар хымш рыҩныҵҟа алаҵа ҟаиҵароуп, мамзар ахараԥса иршәахоит.
Абри ашьҭахь атуристцәа Аԥсни Ҟрыми рахь еиҳа рхы дырхеит, лҳәоит аилахәыра "Интурист" ауаажәларра рнырраз адиректор Дариа Домостроева.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2021
Атуроператорцәа Аԥсныҟа атурқәа рыхә лаҟәит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵоит
"Шәачаҟа атурқәа еиҳа еиҵаны иаҳҭиуеит. Нанҳәатәи атурқәа рыҭира 2019 шықәса аасҭа еиҵахеит 44 процент рыла", - лҳәоит Домостроева.
Аилахәыра "Дельфин" адиректор хада Сергеи Ромашкин иажәақәа рыла, нанҳәа 10 инаркны 30 процент рҟынӡа аԥсшьаҩцәа маҷхоит, цәыббрамзазы – 50 процент рҟынӡа 2019 ашықәс абри аамҭа иаҿырԥшны.
Иара иҳәеит нанҳәа-цәыббра аамҭазы арегион 1,6 миллион-ҩык атуристцәа ацәыӡыр шауа. Иара иажәақәа рыла ауаа аԥсшьараз алаҵаҟаҵара рҭахым.
Аилахәыра "Алеан" аҿы ирҳәеит асасааирҭақәа адгала ҷыдақәа шаздырхио, ахәԥсақәа 10-20 процент реиҵатәра ишалагаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0