Ашәахтәқәа рминистррахь адекларациа ианаамҭаз назышьҭыз аҳәынҭмаҵзурауаа рхыԥхьаӡара ҳәоуп

© Sputnik Подпись документов
Подпись документов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2021
Анапаҵаҩра
"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" аҵыхәтәантәи ариашарақәа злагалоу азакәан амчра аиуит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны.
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аелектронтә базахь инашьҭуп 774 декларант рдыррақәа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа аминистрра.
Аелектронтә база апрограмма  аккаунт аҭалараз алогини апарольи ирыҳәеит 101 ҳәынҭқарратә еиҿкаара.
Документ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2021
Аԥсны аҳәынҭусзуҩцәа ашәахтә усбарҭахь рхашәалақәеи, рмазареи рзы ашәҟәы аларҵеит
Азакәан инақәыршәаны адекларант аминистррахь аинформациа нанҳәа 1 аҟынӡа инеишьҭыр акәын.
"Акадырқәа рыҟәшақәа азин раҳҭеит ҳапрограмматә еиқәыршәара ахәҭак алахәхара, Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра адыррақәа рбазахь адекларациаз адыррақәа аларгаларц", - ҳәа уаанӡа ателеканал Абаза-ТВ иазеиҭеиҳәахьан аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Гьаргь Габуниа.
Иара иҳәеит иахьазы мзызқәак ирхырҟьаны заҟаҩ адекларациа хадырҭәааз дырым ҳәа. Идыру аиҿкаарақәа заҟа ыҟоу ауп.
Аминистррахь адекларациа назышьҭыз иреиуоуп: Аԥсны аԥыза-министр, Аминистрцәа реилазаара Аппарат аусуҩцәеи амаҵзурауааи, Апрокурор хада, апрокуратуратә усбарҭақәа рмаҵзурауаа, акультура аминистр, акультура аминистрра  аппарат аусзуҩцәеи амаҵзурауааи, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, аминистрра амаҵзурауааи аусзуҩцәеи.
Арадио Sputnik аҟны азиндырыҩ Олег Басариа иҳәеит "Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан  анагӡара апроблемақәа амоуп, ԥхьаҟагьы иамазаауеит ҳәа.
Иара иажәақәа рыла еилкаам адекларациа аиашара шышьақәыргылатәу, уи апроцедура азакәан аҿы иахьарбам азы.
"Иуадаҩуп аҳәара аҭакԥхықәра зду аусбарҭақәа иарбан шьаҿақәоу иҟарҵараны иҟоуп, маругас рхы иадырхәаша аҳәара. Сара аханатә исҳәон Ашәахтәқәа рминистрра ариаҟара ашәҟәқәа аус адулара алшом ҳәа. Еилых-еилыхны игәаҭахоит. Уи адагьы агәаҭара ахаҭабзиара зеиԥшрахарызеи. Уи ауп изыдҳәалахо ԥхьаҟа адекларациа ҟазҵаз риашара", -  иҳәеит иара.
"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" аҵыхәтәантәи ариашарақәа злагалоу азакәан амчра аиуит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны.
Амаҵзурауаа ҳәа иԥхьаӡоуп аҳәынҭқарартә усзуҩцәа аиҿкаара-еихшаратә усурақәа, административ-нхамҩатә, ахылаԥшра-гәаҭаратә усурақәа мҩаԥызго.
Нанҳәа 1 аҟынӡа амаҵзуратә хаҿқәеи адепутатцәеи аинформациа нарышьҭыроуп Ашәахтәеи аизгақәеи рминистррахь рхашәалазы. Усеиԥш ҟазымҵаз ма ииашам аинформациа назышьҭыз ачынуаҩ азакәан инақәыршәаны иусура дамхзароуп мамзаргьы лахь иҭазароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0