Аԥсны аминистрцәа реилазаара абылтәы зыда царҭа амам ахәԥсатә ҳәаа шьақәнаргылеит

© Sputnik / Бадри Есиава Заседание в Кабмине
Заседание в Кабмине  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 4 аахыс абылтәҭаҭәарҭақәа жәпакы рҿы абылтәы аҭира аанкылан. Ари ауааԥсыра рыбжьара ахҳәаа рацәеи агәаранқәеи цәырнагеит.
АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Абензин АИ-92, адизель былтәы рыхәԥса еидкылан аахәараан литрак 51 мааҭ иаԥсоуп, литра-литрала аахәараан – 53 мааҭ. Абасеиԥш азыӡбоуп Аминистрцәа реилазаараҿы.
Вице-премьер, министр экономики Кристина Озган провела совещание с представителями бизнеса в сфере продажи топлива. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2021
Аԥсны абылтәы аџьырмыкьа алахәылацәа русуратә ҭагылазаашьа еиҭахәаԥшхоит
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ари ауснагӡатә ада ԥсыхәа ыҟам Урыстәыла абылтәы азы аџьармыкьаҿ иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны лҳәеит.
Лара иазгәалҭеит Аԥсны абылтәы Урыстәыла ишаанахәо, уа ахәқәа шхалаз. Ахәқәа рышьақәыргылараан ари азыԥхьагәаҭамхар атәылаҿ аалыҵ азымхара ҟалоит.
Убри аан аилацәажәара алахәылацәа уи аиԥш ҟалом ҳәа азырыԥхьаӡеит. Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит аҳәынҭусбарҭақәа ирзоурыжьуа абылтәы ахышәаҵышәа еиҵатәхар шауа.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иҳәеит аҭагылазаашьа ҭырҵаарц адҵа шыҟаиҵаз, избанзар ари зегьы иԥсабаратәымкәа еибарххоуп ҳәа аинформациа шрымоу.
Абылтәы зҭиуа аилахәыра дуқәа рхаҭарнакцәа уаанӡа иазгәарҭеит уажәы ахарџь рықәҵаны аус шыруа.
Нанҳәа 3 азы Кристина Озган Александр Анқәаб изеиҭалҳәеит Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа зыхҟьо Урыстәыла абылтә азы аџьармыкьа аҭагылазаашьа шакәу.
Ажәабжьқәа зегьы
0