Аԥсны АҶА Хьымса ахыҵырҭаҟынтә атуристцәа лбааргеит

© Foto / МЧС РАОчередная группа туристов обратилась за помощью в МЧС республики
Очередная группа туристов обратилась за помощью в МЧС республики - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2021
Анапаҵаҩра
Ааҩык атуристцәа ргәыԥ Аԥсныҟа иааит Удмуртиатәи Ареспублика ақалақь Водкинска аҟынтәи ашьхатә маршрут ианысырц.
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа Хьымса ахыҵырҭаҟынтә вертолиотла атуристцәа– ааха змаз аԥҳәыс лыԥҳаи лбааргеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Ацхыраара лыҭатәхеит атуристка Анна Селезниова. Аиқәырхаҩцәа ишырзеиҭалҳәаз ала, амаршрут уадаҩын, агәыԥ аинструктор Валери Поповгьы амҩа абриаҟара ауадаҩра аҵоуп ҳәа дақәгәыӷуамызт.
Апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит АҶА ари амаршрут ишақәшаҳаҭмыз, аха аинструктор  уи хамҵакәа агәыԥ зегьы ашәарҭара иҭаиргылеит ҳәа.
Селезниова лажәақәа рыла, рыфатә нҵәеит, шьҭахьҟа рыгьежьра амаршрутгьы ашәарҭарақәа алан.
"Хәҩык ицәгьамкәа азыҟаҵара рыман. Акыр ҳлыцәшәоит 50 шықәса ирҭысхьоу арҵаҩ лзы", - лҳәеит Селезниова.
Аусбарҭа аиқәырхаҩцәа агәыԥ егьырҭ атуристцәа ирныруеит иааиԥмырҟьаӡакәа, ишәарҭоу аҭагылазаашьа ҟалар рыцхраара иазыхиоуп.
АҶА анапхгаҩы ишиҳәаз ала, дара азакәанԥҵаратә аԥшьгамҭа аларгаларц ргәы иҭоуп – асеиԥш иҟоу агәыԥқәа рнапхгаҩцәеи алахәылацәеи рҟынтәи ирықәхарџьу аԥара архынҳәра алыршазарц азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0