РУСДРАМ Урыстәылатәи агастрольтә турқәа рҿы х-спектакльк ықәдыргылоит

© Sputnik Русдрам
Русдрам  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2021
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр агастрольқәа мҩаԥнагараны иҟоуп Урыстәыла ақалақьқәа рҿы 2021 шықәса жьҭаарамзеи абҵарамзеи рзы.
АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik, Бадри Есиава. РУСДРАМ Урыстәыла имҩаԥнаго агастрольқәа рҿы х-спектакльк ддырбараны иҟоуп, ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр адиректор хада Иракли Хынҭәба.
"Урыстәылатәи ақалақьқәа рҿы агастрольқәа мҩаԥаагараны ҳаҟоуп еиуеиԥшым агастрольтәии афестивальтәии программақәа рҳәаа иҭагӡаны. Жьҭаарамзазы Сарансктәи афестиваль "Соотечественники" аҟны идҳарбоит аспектаклеь "Кьоџьаа рҭыӡшәа". Анаҩс, Иарославльҟа ҳцоит, жьҭаара 26 азы еицырдыруа Волковтәи атеатр асценахь инаагоит "Солярис", Артиом Устинов иқәыргыламҭа" ҳәа иҳәоит иара.
Режиссерская лаборатория  Сандро. Спектакль Рассказ мула старого Хабуга.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Ауаҩы иҭыԥ, мамзаргьы Чагьамтәи адунеи РУСДРАМ асценаҿы
Хынҭәба атеатр агастрольқәа хҭыс дуны иԥхьаӡоит, иара убасгьы иҳәоит РУСДРАМ ақәгылара абаразы Иарославльҟа ишнеиуа Москватәи атеатр абзиабаҩцәа.
"Росконцерт", Урыстәыла акультура аминистрра адгыларала еиҿнакаауа апрограмма "Агастроль дуқәа" иалахәхоит Аԥснытәи атеатргьы. Аспектакльқәа "Хаџьы-Мураҭи" "Кьоџьаа рҭыӡшәеи" Иваново идырбахоит жьҭаара 29 рзы, жьҭаара 31, абҵара 1 рзы арҭ аспектакльқәа Тверҟа инаргоит.
"Иаҳзыԥшуп. Уи азы ашәҟәқәа ҳзырыҩуеит. Издыруеит Тверьҟагьы ҳатеатр абзиабаҩцәа шнеиуа. Иуадаҩу сынтәатәи ашықәс азы, абри аҩыза агастроль дуқәа ҳзыԥшуп. Агәаанагара сымоуп ҳатеатр иҵегь анаԥхьарақәа шаиуа", - ҳәа иҳәеит иара.
РУСДРАМ агастрольтә тур ҩымчыбжь аҵанакуеит. Хынҭәба ишиҳәо ала афинанстә харџьқәа ршәоит анаԥхьара ҟазҵаз аган: Урыстәыла акультура аминистрра, "Росконцерт", "Россотрудничество".
Аҽазыҟаҵарақәа макьана ирыламгацт. РУСДРАМА адиректор ишиҳәо ала дақәгәыӷуеит акультуратә усҳәарҭақәа хара имгакәа аусура иалагап ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0