Аԥснытәи акоманда "Танковый биатлон" иалахәхоит

© Foto / Vadim SavitskiyАрмейские международные игры–2021
Армейские международные игры–2021  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2021
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа – 2021 мҩаԥгахоит нанҳәа 22 инаркны цәыббра 4 аҟынӡа 11 ҳәынҭқарра рҵакыраҿы. Ахәмаррақәа ирылахәуп 40 тәыла рҟынтәи 5 000-ҩык аррамаҵзурауаа.
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Аԥсни Мали ркомандақәа еицықәгылоит аҩбатәи адивизиатә еицлабра "Танковый биатлон" аҟны, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Аицлабра иалахәу акомандақәа ҩ-дивизионкны еихшоуп 2020 шықәсатәи рықәгыларақәа реихшьаалақәа рыла.
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа – 2021 аицлабра "Танковый биатлон" алахәылацәа рзы аҵәҭаԥсара мҩаԥгоуп.
Мсурат Ашуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2021
Арадио
Ашәба Жәларбажьаратәи арратә хәмаррақәа рылахәхаразы: иҳалшо ааҳарԥшуеит ҳаԥсадгьыл азы
Актәи адивизион иалахәуп Азербаиџьан, Беларусиа, Венесуела, Вьетнам, Ҟазахстан, Китаи, Монголиа, Урыстәыла, Сербиа, Шьамтәыла,  Узбекистан ркомандақәа. Аҩбатәи адивизион иалахәуп Аԥсны, Катар, Киргизиа, Лаос, Мали, Мианма, Таџьикистан, Аахыҵ Уаԥстәыла акомандақәа.
Актәи  адивизион ажәҩангәыԥшшәыла танкқәа рыла иқәгылоит Азербаиџьани Шьамтәылеи ркомандақәа, аҟаԥшьқәа рыла –Китаи, Вьетнам, Сербиа, аиаҵәақәа рыла – Урыстәыла, Ҟазахстан, Венесуела, аҩежьқәа рыла –Беларусиеи Узбекистани.
Аҩбатәи адивизион ажәҩангәыԥшшәыла атанкқәа рыла иқәгылоит  Аԥсни Мали, аҩежьқәа рыла – Киргизиа, Аахыҵ Уаԥстәыла, аҟаԥшьқәа рыла Лаоси Катари, аеҵәақәа рыла – Таџьикистани Мианмеи.
Аихшьаалатә қәгыларақәа рышьҭахь ишьақәыргылахоит иреиӷьу аекипажқәа рыҩаӡара. Уи алагь раԥхьатәиқәа хԥа алкаахоит.
Аганқәа дасу рылҵшәақәа рыла девизион-цыԥхьаӡа ааба-ааба команда алыркаауеит афиналбжахь анеиразы. Афиналбжатә естафета нанҳәа 31 цәыббра 1 ази иалнакаауеит иреиӷьқәоу афиналтә естафетазы.
Аҩбатәи адивизион иреиӷьу акоманда цәыббра 3 азы иалкаахоит, 2022 шықәсазы актәи адивизион иалахәны ақәгыларазы.
Актәи адивизион афиналтә естафета  мҩаԥысуеит Ахәмаррақәа рхыркәшара амш азы ахысырҭатә дәы Алабино.
Ажәабжьқәа зегьы
0