Аҭыԥантәи ааглыхҩы адгылара иҭаразы Аҽгәара ақыҭанхамҩатә џьармыкьа аадыртит

© Foto / Григорий ЛацужбаCельхоз ярмарка открылась в селе Ачгуара
Cельхоз ярмарка открылась в селе Ачгуара - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2021
Анапаҵаҩра
Аҽгәаратәи аџьармыкьа иааиԥмырҟьаӡакәа аусура азыԥхьагәаҭахоит иара мызктәи аусура аихшьаалақәа рыла.
АҞӘА, нанҳәа 17– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҭыԥантәи ааглыхҩы адгылара иҭаразы Аҽгәара ақыҭанхамҩатә џьармыкьа аадыртит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Очамчыра араионтә еизара адепутат Григори Лацәышба.
"Ақыҭаҿ аалыҵ аҭираз ауадаҩра ыҟоуижьҭеи акырҵуиет. Аџьармыкьа аартрагьы иазхәыцуеижьҭеи акрааҵуан, аха азҵаара ӡбамкәа иҟан. Ҳара ақыҭауаа еизаҳган ҳразҵааит ари аус рҭаху ирҭахыму. Дара ирҳәеит аҭахра адагьы ацхыраарагьы шҳарҭо", - иҳәеит иара.
Абас дареи ҳареи ҳаивагыланы еиҿаҳкааит. Аҽгәареи ааигәатәи ақыҭақәеи рҿы инхо ауааԥсыра арахь раалыҵ ааганы ирҭилар рылшоит ақьыра ахәԥса  мшәакәа.
© Foto / Григорий ЛацужбаАҽгәартәи ақыҭанхамҩатә џьармыкьа
Cельхоз ярмарка открылась в селе Ачгуара - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аҽгәартәи ақыҭанхамҩатә џьармыкьа
"Иахьа аџьармыкьа аԥхьатәи амш ауп. Шьыжьнаҵы ахшаалыҵ ҭиуп, акарпыжә, ашьынка, ауҭраҭых зҳәаз еиԥш, анхаҩы имоу ииуеит. Егьырҭ аџьармыкьа дуқәа рҿы аасҭа 30-40% рыхәқәа еиҵоуп. Иаҳҳәап апатырџьан 25 мааҭ иаԥсоуп", - иҳәеит Лацәышба.
Аҽгәаратәи аџьармыкьа иааиԥмырҟьаӡакәа аусура азыԥхьагәаҭахоит иара мызктәи аусура аихшьаалақәа рыла. Аус аулоит галтәи аџьармыкьа аус анамуа амшқәа рзы. Аалыҵ аҭыԥантәи ауааԥсыреи Очамчыра, Тҟәарчал, Гал инхо реиԥш, атуристцәагьы иаархәалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0