Аԥсны алахәхоит Алада Новгород 800 шықәса ахыҵра иазку аныҳәа

© Foto / пресс-служба Президента РААбхазская делегация принимает участие в юбилейных торжествах посвященных 800-летию Нижнего Новгорода.
Абхазская делегация принимает участие в юбилейных торжествах посвященных 800-летию Нижнего Новгорода.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2021
Анапаҵаҩра
Аладатәи Новгород атәылаҿацә агубернатор Глеб Никитин иааԥхьарала аԥсуа делегациа алахәхоит ақалақь аиубилеи иазкны имҩаԥысуа аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу аԥсуа делегациа алахәхоит Алада Новгород 800 шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысуа аныҳәатә усмҩаԥгатә, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ацқьа Алеқсандр Невтәи ихьӡ зху акафедралтә ныхбаа архиреитә резиденциаҿы имҩаҧысит Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниеи Алада Новгородтәи амитрополиа Ахада, Аурыс иашахаҵаратә ныха аепископ амитрополит Гьаргьи реиҧылара.
Кәыҵниа ҳамҭас амитрополит ианеишьеит аҧсышәала иҩу Ауасиаҭ Ҿыц.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Гагра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Алхас Барцыц, Пицунда ақалақь ахада Руслан Хәынҵариа. 
 
Ажәабжьқәа зегьы
0