Ареспубликатә турнир аҟны аиааира ргеит аҟәатәи анапылампыл асыҩцәа

© Foto / facebook/Государственный комитет РА по делам молодежи и спорту Республиканский турнир по волейболу среди мужских команд
 Республиканский турнир по волейболу среди мужских команд - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2021
Анапаҵаҩра
Анапылампыл атурнир иалахәын акомандақәа ԥшьба: аҳҭны қалақь акомандақәа ҩбеи, Ҷлоутәии Аҷандаратәии.
АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Аԥсны азхаҵара амш инадҳәаланы, Аҟәа имҩаԥысит есышықәсатәи анапылампыл асразы иаарту Ареспубликатә турнир ахацәа рыбжьара. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҳәынҭқарратә аспорт еилакы.
Атурнир аихшьаалақәа рыла аԥхьахә ҭыԥ иаԥсахеит Аҟәа ақалқь акоманда, аҩбатәи аҭыԥ Ҷлоу, ахԥатәи аҟәатәи акоманда "Спартак". Аӡбаҩ хадас дыҟан Аслан Ҭырқьба.
© Foto / Facebook/Государственный комитет РА по делам молодежи и спортуАҟәа имҩаԥысит есышықәсатәи анапылампыл асразы иаарту Ареспубликатә турнир ахацәа рыбжьара
В городе Сухум прошел ежегодный открытый Республиканский турнир по волейболу среди мужских команд - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аҟәа имҩаԥысит есышықәсатәи анапылампыл асразы иаарту Ареспубликатә турнир ахацәа рыбжьара
Атурнир аҟны иреиӷьу ахәмарҩцәа ҳәа иалкаан Ҭемыр Гәниа (Аҟәа акоманда), Борис Ҷан-оглы (Ҷлоу акоманда), Данил Џьниа(Аҷандара акоманда), Нестор Касланӡиа(аҟәатәи "Спортак").
Акомандақәа иранашьан амедалқәеи, аграмотақәеи, ахраҿақәеи. Иалкаахаз агәаларшәагатә ҳамҭақәа рыҭан.
Аицлабра еиҿыркааит аҿари аспорт русқәа рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә аспорт еилакыи Аԥсны анапылампыл азы афедерациеи. 
Ажәабжьқәа зегьы
0