Аԥснытәи амшынтә аршьаҟауаа аицлабра "Амшынтә десант" рҽаладырхәит

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКонкурс "Морской десант" в Приморском крае
Конкурс Морской десант в Приморском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2021
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа–2021 мҩаԥысуеит нанҳәа 22 инаркны цәыббра 4 аҟынӡа 11 ҳәынҭқарра рҵакыраҿы.
АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Аԥснытәи акоманда раԥхьаӡа акәны рҽаладырхәит аицлабра "Амшынтә десант". Аицлабра мҩаԥысуеит Приморие, Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМИ-2021 рҳәаа иҭагӡаны ҳәа аанацҳауеит Амшынеиқәатә флот апресс-маҵзура.
Алан Гвинджия - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2021
Арадио
Ӷәынџьиа АрМИ-2021 аԥсуа танкистцәа ралахәхаразы: сгәаанагарала, аӡәгьы дҳарԥхашьом
Нанҳәа 23 азы имҩаԥысит афиналтә етап актәи амш. "Амшынтә десант" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган акомандатә естафетақәа.
Сынтәа раԥхьаӡа акәны аестафета рҽаладырхәит Аԥсни Урыстәылеи реицкоманда.
Аицлабра "Естафета" аетап аҿы акомандақәа БТР-82А рыла 9 километрактәи аӡытәи иԥсабаратәыми аԥынгылақәеи змаз амаршрут иахысит. Ҭыԥқәак рҟны аекипаж ахысрақәа мҩаԥыргон.
"Естафета" аҿы Урыстәыла акоманда аԥыжәара аман сааҭки аа-минуҭки 33 секунди рыла арекорд шьақәыргыланы.
Аицлабра  "Амшынтә десант-2021" мҩаԥысуеит ҩ-полигонк рҿы нанҳәа 22-29 рзы. Нанҳәа 25-27 рзы имҩаԥгахоит аҽа ҩ-етапк: "Полоса препятствий", "Тропа выживания".
Аицлабра иалахәуп Китаитәи Жәлар рреспубликеи, Исламтәи Ареспублика Ирани, Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0