Амобилтә госпиталь аҟынтәи раԥхьатәи апациент дылырҩааит

© Sputnik / Марианна Кубрава Мобильный госпиталь Минобороны России
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҳақьымцәа иахьазы ирыдыркылахьеит 40-ҩык COVID-19 рыманы.
АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟынтәи раԥхьатәи апациент дылырҩааит. Абри атәы аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2021
Амобилтә госпиталь 42-ҩык ауаа аднакылахьеит
Апациент ахәышәтәратә курс дахысит. Аҩбатәи алаборатортә ҭҵаара ашьҭахь аҭак иоуит ичымазара дшалҵыз азы. Аҳақьым ачымазарашьҭахьтә бжьагарақәа ҟаиҵеит.
Ачымазцәа зегьы арахь иаагоуп ацхыраара ласы амашьынақәа рыла Аԥсны араионқәа рҟынтә.
Агоспиталь аҿы ашьҭаҵареи ахәшәтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылоит рынхарҭа ҭыԥ иаҵанакуа аҳақьым иақәшаҳаҭрала.
Агоспиталь аҿы имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабараториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика.
Хымш рыҩнуҵҟа аус рыдуылан 100 нализк. Урҭ рҭакқәа зегьы шьҭахьҟа алабораториақәа рахь инарышьҭуеит атестҟаҵара арццакразы.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь гылоуп асасаирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы. Ачымазҩцәа рыдкылара иалагеит нанҳәа 19 инаркны.
Амобилтә хырхарҭарацәалатәи агоспиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа 11, ачымазҩцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа, ПЦР-лабораториақәа.
Зынӡа иара 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит. 100 ҭыԥк рҟынтәи 46 ҭыԥ аҵәыҵәри ала еиқәыршәоуп.
Аҩыза ижәҩахыр: Урыстәыла арратә госпиталь - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Аҩыза ижәҩахыр: Урыстәыла арратә госпиталь Аҟәа аус шауло
2020 шықәса жьҭаара 20 инаркны 2021 шықәса хәажәкыра 1 азынӡа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны амедицинатә цхыраара ҟанаҵон.
Аԥсны иахьынӡаҟаз аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан х-нызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рзыҟаҵан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа.
Нанҳәа 23 азтәи адыррала аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 24310-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 20045-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 365-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0